Ҳтәылаҿы COVID-19 зыхьыз раԥхьатәи ачымазаҩ далыркааижьҭеи шықәсык ҵит мшаԥы 7 рзы. Ари ашықәс иалагӡаны ҳаԥсҭазаара аҽаԥсахит, аамҭа иаҳзаанагаз аҿыцрақәа ҳадаҳкылар акәхеит.
"Онлаин-аҵара мацарала зынӡаск иауӡом, даара иаҳцәыуадаҩын, избанзар ҳашьцыламызт, аха ашкол ахь ҳаныхынҳә даара иҳахәеит. Ахәыҷқәа уи ала аҵаразы зегьыцәҟьа зцәырҵуамызт, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, аха зегьы акоуп уи ҳахәеит. Иухәоит урҭ рыҩбагьы анеиԥшьу (оналин-аҵареи абжьааԥны ашкол аҟны аҵареи –аред.). Уажәгьы икаҳмыжьӡацт онлаин-аҵара, иҟоуп ҳхы ианаҳархәо. Шьҭа ҳашьцылеит, икаҳажьуеит ҳәа шәасҳәар ииашаӡам, џьара-џьара ҳхы иаҳархәоит, аха лабҿаба ахәыҷы данубо алҵшәа зынӡа ҽакуп", - лҳәеит Џьапуаԥҳа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Хәба уџьыба иҭоушәа иԥхьаӡа": аҵара иадҳәалоу азгәаҭарақәа
-
Ҳалбад: ҳара ҳазламаҷу ала ҳажәлар рхәыҷқәа зегьы аҵара дҳарҵароуп