"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" азакәан аҩбатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны депутатс далххар ҟалоит Аԥсны атәылауаҩ, алхрақәа рымш азы 25 шықәса зхыҵхьоу. Аҭыԥантәи аусбарҭақәа рахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит. Дара рнапы иануп: аҭыԥантәи абиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәара, амуниципалтә хатәтәра ахархәареи анапхгареи, аҩнуҵҟатәи аусқәа, аҵара, акультура, ақыҭанхамҩа рнапхгаҩцәа раҭараан рақәшаҳаҭра. Ирыӡбоит аекономикатә, асоциалтә, егьырҭ азҵаарақәа.
"Аҭыԥантәи алхрақәа инакәызаалак акрызҵазкуа хҭысуп, избанзар ауааԥсыра рҭахрақәа раԥхьа иахьцәырырго аҭыԥан иалырхыз адепутатцәа рҟны ауп. Иара ҳаԥхьаҟа иаҳҭахызар абаҩхатәра злоу, акрыздыруа аполитикцәа цәырҵырц азы, арҭ алхрақәа ԥышәараны иахысроуп иалырхуа адепутатцәа, раԥхьа иҟарҵо шьаҿоуп. Адемократиатә принципқәа шьақәгыланы иахьыҟоу аҳәынҭқаррақәа рҟны даараӡа акрызҵазкуа институтуп ҳәа рыԥхьаӡоит аҭыԥантәи алхрақәа, избанзар убра ауп рҭахрақәа ахьцәырҵуа ауааԥсыра, аԥхьа иргыланы ашьаҿақәа ахьыҟарҵо аҳәынҭқарра аганахьала. Агәра згоит Аԥсынгьы аҭыԥантәи алхрақәа рыхьӡ шышьҭыҵуа, адепутатцәагьы абаҩхатәра злоу џьоукы уа ишцәырҵуа, анаҩс иреиҳау аполитикатә институтқәа рахь аусура ишнеиуа", - иҳәеит Ҳагба.
Аполитолог убасгьы игәаанагара иҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа иаҳа рнапынҵақәа рырҭбааразы игәаанагара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Габниа аҭыԥантәи адепутатцәа рнапынҵақәа рзы: алшарақәа ыҟоуп, аха рхархәашьа удыруазароуп
-
Ԥлиа ахаланапхгараҭарахь адепутатразы: хӡыргарас иҟасҵоит ҳәа аӡә дхәыцуазар- гәнаҳароуп