АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ибжьы аиҭеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рҿы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Иара итәылауаҩратә уал наигӡеит дахьҭаҩу аҭыԥ аҿы - Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Иара знык ала ҩ-бжьыҭарак ихы алаирхәит. Араионтә еизарахь алхрақәа инарываргыланы Тамшь имҩаԥысуан ақыҭсовет ахь алхрақәагьы. Ибжьы анаиҭа ашьҭахь, Бжьаниа иқыҭауаа дрыҿцәажәеит.
Уаанӡа арҭ алхрақәа рҿы абжьыҭара рхы рыладырхәит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиеи аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делбеи.
Амҽыша мшаԥы 11 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа. Алхратә ҭыԥқәа аартуп асааҭ 08:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Иахьазы арҭ алхрақәа бжьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы. Раԥхьаӡа акәны Аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 14 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007 шықәсқәа рзы, анаҩс адепутатцәа рнапынҵақәа рыҿҳәара иацҵан, ԥшьышықәса ҳәа иҟаҵан, убри аԥҟара инақәыршәаны 2011, 2016 шықәсқәа рзы алхрақәа мҩаԥысит.
Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуеит 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.