Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" рҽазыҟарҵоит

© Foto / Аляс ВаначаПодготовка военнослужащих Минобороны Абхазии к «Саянскому маршу»
Подготовка военнослужащих Минобороны Абхазии к «Саянскому маршу» - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2021
Анапаҵаҩра
"Саянский марш" актәи аицлабра мҩаԥысуеит мшаԥы 14 - 17 рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны.

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Бадри Есиава. Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" аҽазыҟаҵара хдыркәшеит, абри атәы иҳәеит аподполковник Алиас Уанаҿа.

Иара еиҭеиҳәеит аҽазыҟаҵарақәа мшаԥы 8 раахыс есыҽны ишымҩаԥысуа асааҭ 6:00 инаркны асааҭ 19:00 рҟынӡа, жәеиза хырхарҭа рыла.

"Арҭ ахырхарҭақәа зегь рынагӡаразы ашьхараҿ, ацаҟьарақәа ирҿысуа аҭыԥқәа ирылгоу амаршрут уахысроуп. Иаҳҳәап, ахысырҭақәа рҿы унеиаанӡа 2,5 километра ашьха аика уқәсны уцароуп. Уажәы уа ԥшь-метрак асы шьҭоуп", - иҳәеит иара.

© Foto / Аляс ВаначаАԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" рҽазыҟарҵоит иалахәхоит
Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа Саянский марш рҽазыҟарҵоит иалахәхоит - Sputnik Аҧсны
1/3
Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" рҽазыҟарҵоит иалахәхоит

2/3

3/3

"Ергаки" аҳауатә ҭагылазаашьа Аԥсны ашьхаратә ҳауа иазааигәоуп асыҭәҳәақәа рыҟазаара ада.

Аԥснытәи аруаа разыҟаҵара аруадаҩит абаза ахьыҟоу аҳаракыра –3000 метра амшын иахыкны. Аԥхьатәи амшқәа рзы ҳаруаа аҳауатә ҭагылазаашьа рҽандыршәон. Убри аан аҽазыҟаҵарақәа мҩасуан аха еиҳа ирԥсыҽны.

Аподполковник иҳәеит аицлабрақәа ҩ-етапкны ишымҩаԥгахо. Аԥынгылақәа змоу азеиԥш маршрут 50 километра иҟоуп. Аруаа ирзыԥшуп асыԥса иагаз еиқәырхара, ашьхаҿҟьара ашәҩақәа рыла албаара, аԥшыхәра амҩаԥгара, ашәҩа ианықәныҟәо ахысра амҩаԥгара, ацаҟьарақәа "ацгәы" ҳәа изышьҭо аҵаақәныҟәагақәа рхархәарала рҿысра, ашахақәа рыла аҿҟьарақәа рылбаара.

"Аицлабра актәи амш азы 25 километра иахысны абнараҿы ақьала ргыланы иԥхьароуп. Уа адәныҟантә цхыраарада иҟазароуп. Ашьыжь аҩбатәи аетап иалагоит. Аиҭах 25 километра иахысроуп егьырҭ аусдҵақәа мҩаԥганы", - иҳәоит Уанаҿа.

Иара иазгәеиҭеит иҟаҵатәу зегьы ауадаҩра ду шрымоу, аха Аԥснытәи аруаа рзы еиҳа иуадаҩу, изышьцылам "ацыгәқәа" рыла ацаҟьарақәа рҿысроуп.

Аԥснытәи акоманда ари аицлабра раԥхьаӡа ишалахәугьы ргәы карыжьуам, рхы бзианы иаадырԥшып ҳәа игәыӷуеит.

Акомандақәа амаршрут ишахысызи рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа шынарыгӡази рыхә ршьоит аӡбаратә коллегиа – атәыла-лахәылақәа рхаҭарнакцәа. Авертолиотқәа рҟынтәи онлаин режимла авидеорбарақәа мҩаԥгахоит. Уи иаҭахханы иҟалар иаразнакы ацхыраара алнаршоит, уи адагьы команда-цыԥхьаӡа аинструкторцәа рыцуп.

АрМИ-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 15 тәыла рҿы 34 конкурса еицлабра рымҩаԥгара. Аицлабра иалахәуп Урыстәыла акомандақәа фба, Аԥсны, Китаи, Аахыҵ Уаԥстәыла, Таџьикистан, Киргизиа, Узбекистан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0