Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәбаз аҭыԥантәи алхрақәа рылҵшәеи урҭ рҿы аиааира згази ирызкны

© Foto / предоставлено Лаврентием ГубазЛаврентий Губаз
Лаврентий Губаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Лавренти Гәбаз еиҭеиҳәеит араионтә еизарахь имҩаԥысыз алхрақәа ртәы, насгьы иҳәеит иалху адепутатцәа азусҭцәоу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәбаз аҭыԥантәи алхрақәа рылҵшәеи урҭ рҿы аиааира згази ирызкны

"Аҵыхәтәантәи ааԥхьара иалахәыз рҟнытә алхрақәа рахь еиҭа иқәгылан 14-ҩык, урҭ рахьынтә 9-ҩык ҿыц еиҭалхуп, иара убас ирацәаҩуп аҿар, ирацәаҩуп иҿыцу ахаҿсахьақәа. Иҳәатәуп, 27 шықәса инаркны 68 шықәса рҟынӡа ишыҟоу азин адепутатцәа рықәгылара, ирацәаҩуп 27, 28, 32, 33 шықәса зхыҵуа, аха зегь реиҳа ирацәоуп 35 инаркны 45 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Хәҩык азӷабцәа ахьықәгылаз аӡә лоуп аиааира зылшаз, егьырҭ иамуӡеит. Иҳәатәуп, егьырҭ ашықәсқәа иҟаз ирҿырԥшны иуҳәозар, есышықәса алхрақәа рахь иқәгыло акандидатцәа рхыԥхьаӡара иацлоит, еиҳарак араион аизарахь инеир зҭаху, аус зур зҭаху ауааԥсыра иаҳа рхыԥхьаӡара рацәоуп. Анаҩс, еиҳарак зхы иақәиҭу акандидатцәа ықәгылан, аполитикатә партиақәа рҟынтә акәымкәа. Хәынтә алхрақәа мҩаԥаагахьеит аус зуеижьҭеи, сынтәатәи еиԥш активра акандидатцәа рганахьала исымбацт", - иҳәеит Гәбаз.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0