Адунеи аҿы иаарԥшу COVID-19 ахҭысқәа 140 миллион иреиҳахеит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь для больных коронавирусом
Госпиталь для больных коронавирусом - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Анапаҵаҩра
Адунеи аҟны COVID-19 здырбалаз ауаа рхыԥхьаӡара 140 082 593 ирзааигәахоит, урҭ рахьтә 3 002 154 миллионҩык иреиҵамкәа рыԥсҭазаара иалҵит, ргәы бзиахеит 79 840 908 миллионҩык.

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Адунеи аҿы акоронавирустә инфекциа ҿыц здырбалаз рзеиԥш хыԥхьаӡара 140 миллион иреиҳахеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Џьонс Хопкинс ихьӡ зху ауниверситет. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Авирус реиҳаӡа алаҵәара ахьамоу тәылоуп Еиду Америкатәи аштатқәа-31,5 миллионҩык чмазцәахеит), аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Индиа-14,5 миллионҩык), ахԥатәи аҿы Бразилиа 13,8 миллионҩык.

Мшаԥы 17 адыррақәа рыла аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13924-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13338-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 219-ҩык.

Хәажәкыра 11, 2020 шықәсазы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара апандемиа рыланаҳәеит акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 алаҵәара инадҳәаланы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0