Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәын "Кьараз" ақыҭанхамҩатә проект азы: анхаҩы абӷа иҭатәуп, идгылатәуп

© SputnikКадыр Аргун
Кадыр Аргун - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Агәын арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа иазырхоу апроект сынтәа ишымҩаԥысуа атәы.
Аргәын "Кьараз" ақыҭанхамҩатә проект азы: анхаҩы абӷа иҭатәуп, идгылатәуп

"Анхаҩы абӷа иҭатәуп идгылатәуп. Ақыҭанхамҩатә проетк ҳасабала ҳаҿуижьҭеи хышықәсоуп. Ҵыԥх 500 ҭаацәара аиҭаҳатә рзаҳшеит. Уи хаҭала иҭаҳҵааит пату ақәҵаны иаазрыхыз гәаҭан. Сынтәа ақыҭанхамҩа апроект иалагӡаны ҩ-хырхарҭак рыла аусура еиҿаҳкааит. Актәи - акартош жәла 5 тоннак еиҳаны ирзаҳшеит 27 ҭаацәара. Иҟоуп 200 кьыла инареиҳаны изаҳҭаз, дара анаҩс аџьармыкьахь инаргарц ргәы иҭоуп. Егьырҭ зегьы рхазоуп изырааӡо. Аҩбатәи апроект азы - 24 ҭаацәара алхны. Дара руҭра хкааны иҟазар акәын, иара убас актәи ацәаӷәара рхахьы иргар акәын. Егьырахь, аиҭаҳатә ҳара ирзааҳхәоит, ахәышәтәразы иаҭаху ҳара ҳхахьы иаагоит, аӡымҩангага ҟаҵаны ирымамзар, убри зегьы ҳхахьы иганы ирзыҟаҳҵоит. Актәи аетап ала аусурақәа ҳархысит. Аҭаацәа адгьыл дырхиеит. Аҩбатәи аетап ала атехника аароуп, ҳазыԥшуп, урҭ хәыда-ԥсада ирызшахоит. Анаҩс русура алҵшәа амаиур, ари атехника ҽааны даҽа ҭаацәарк ирыҭахоит. Ари апрограммала аҭаацәарақәа ирааӡо аусҭраҭых аџьармыкьахь инаргартә иҟалоит. Дара ирызшан 2000 аиҭаҳатә", - хәа еиҭеиҳәеит Аргәын.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0