Аԥсны ААР аусзуҩцәа асоциалтә ҳақәа рҿы ицәыргаз авидео иахырҟьаны лахь рырҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Анапаҵаҩра
Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәыргаз авидео аҟны иубоит Аԥсны ААР аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа шеиларго. Ари амаҵзуратә ҭҵаара азымҩаԥгахеит.

АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, амҩатә ԥҟаррақәа еилазгаз, лахь рырҭеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Еиԥымҟьо ацәаҳәа, наҟ-ааҟ еивысуа атранспорттә мҩа еиҟәызшо, рахысразы аусбарҭа аусзуҩцәа административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 117 ахәҭа 2 инақәыршәаны аԥкаанҵақәа рзылҩаауп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ареспублика Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәеи арреиҿкааратә ҟәшақәеи русзуҩцәа, ачыни астатуси змоу, административтә зинеилагара мҩаԥызгаз, административтә ԥҟаԥҵәа инақәыршәаны иахьырхәтәуп ҳәа.

Ҭагылазаашьақәак раан, амаҵзуратә ҭахра инақәыршәаны амилициа аусзуҩ амҩатә ԥҟаррақәа дрыцәхьаҵыр илшоит, аха убри аан амаҵзуратә машьынаҿ адырраҭага ҷыдақәа аркны иҟазароуп ҳәа иҳәеит Агрба.

Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2021
Аԥсны ААР Шьамтәыла Ареспублика Ахьыԥшымра амш рыдырныҳәалеит

"Амҩатә ԥҟара абарҭ адырраҭага ҷыдақәа раркрада еилагазар, административтә хьырхәра ахархәара аҭатәуп. Уи ҵаҵӷәыс иаиуыр алшоит атәылауаа иҟарҵо адырреиԥш АИХқәа рхыҵхырҭақәеи", - ҳәа иҳәеит Баҭал Агрба.

Аԥсны ААР адырра ҟанаҵоит аминистрра аилазаара азинтә нормақәа ирықәныҟәалар шакәу, ааӡаратә усуразы Аусбарҭа асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раԥырҟәҟәааразы хаҭалатәи аусурақәа шынарыгӡо.

"Ааӡаратә усбарҭа иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рганахь ала аилагарақәа раарԥшрази раԥырҟәҟәаарази. Административтә Зинеидкыла ахәҭаҷ 16 инақәыршәаны анапхгаҩцәеи аусзуҩцәеи аҭакԥхықәра рыдуп административтә ԥҟаԥҵәа инақәыршәаны" ҳәа иҳәеит Аԥсны ААР ааӡаратә Усбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Денис Ҭаниа.

Иара убасгьы иҳәеит аминистр инапынҵала аппарат хадаҿи араионқәа рҿи амаҵзуратә усура ҳәаақәызҵо анорматив-зинтә актқәа рдырра аизырҳаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0