Аԥсны даҽа 63-ҩык акоронавирус шрылаз аарԥшын иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла

© Sputnik / Максим Захаров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСанитарно-эпидемиологическая станция в Луганске
Санитарно-эпидемиологическая станция в Луганске - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14065-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13350-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 220-ҩык.

АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 323-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 63-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 41-ҩык, урҭ рахьтә 35-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 12-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0