АҞӘА, мшаԥы 22-Sputnik. Наала Гәымԥҳа. XI Аԥсны афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль "Раида" мҩаԥган Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Афестиваль рхы аладырхәит: Ақалақь Шәача Лазаревск аҳабла еиҿкаау жәлар ринструменталтә ансамбль "Насыԥ", Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рыансамбль "Кьараз", Гәдоуҭа ашкол №1 "Раида", ақалақь Пицунда рансамбль "Абааҭа", Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭа ансамбль "Хыԥсҭа", ақалақь Тҟәарчалтәи афольклортә ансамбль "Тҟәарчал", Гәдоуҭатәи афольклортә ансамбль "Ахьышьҭра", Гәдоуҭатәи афольклортә ансамбль "Гәдоуҭа", Очамчыра араионтә ансамбль "Ерцахә", Гагратәи ансамбль "Кьараз".
Афестиваль аанартит ақалақь Шәача Лазаревск аҳабла еиҿкаау жәлар ринструменталтә ансамбль "Насыԥ".
Афестиваль анапхгаҩы, аиҿкааҩ Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа афестиваль аҵакы дазааҭгыло иҳәеит аиԥш зеиԥшу акультуратә уснагӡатә ахықәкы амилаҭ культурақәа реибарбеиара ауп ҳәа.
"Афестиваль 11 шықәса раԥхьа еиҿкаан аҿар афольклор радыԥхьаларази абзиабара дыркрази. Сынтәа иҿыцны иалалеит х-коллективк аҿар рыла ишьақәгылоу, уи даара ҳаргәырӷьеит. Агәыӷра ҳамоуп шьҭа аринахыс аҿар злахәу аколлективқәа еиҿкаахоит ҳәа", - азгәеиҭеит иара.
Иҟан раԥхьаӡа асценахь ицәырҵуаз ашколхәыҷқәа, урҭ рзыҳәан ԥышәарак иаҩызан раԥхьаӡатәи рықәгылара. Абыргцәа ракәзар, урҭ рышәаҳәареи рыкәашареи уамашәа иубартә иҟан.
Азал аҟны итәан ансамбль иалоу артистцәа рҭаацәа, рҩызцәа, рықәлацәа. Ахра Анқәаб иԥа Гәдоуҭатәи афольклортә ансамбль "Гәдоуҭа" дасолиступ. Уи иажәақәа рыла, жәлар рдоуҳа ҳҳәынҭқарра ашьақәгыларазы иуасхыроуп, уи акырӡа аҵанакуеит.
"Аԥсуа жәлар ҳзыҳәаны ҳдоуҳа ҳҳәынҭқарра иауасхыруп, излаҿио жәлар рҟазара алоуп. Уи хылаԥшра зҭатәу, изыдгылаша, мҩақәҵара азылызхша аусқәа ируакуп. Угәы иаахәоит ас еиԥш ҭакԥхықәрала иазнеины ианеиҿыркаауа, насгьы уамыргәырӷьарц залшом ашколхәыҷқәа азҿлымҳара аарԥшны рхы ахьаладырхәуа. Анапхгаҩы Нури Ермеи-иԥа иџьабаа даара акраҵанакуеит, уи еиҿикаауа аус еснагь ахә ҳаракны иаҳшьоит", - иҳәоит Ахра Анқәаб.
Аконцерт аҽеиҩшымҭаз, еиҳа уртәыртәуан ақәгыларақәа. Еиҳараӡак аиҳабацәа рышәаҳәареи рыкәашареи удыршанхон. Џьырхәатәи ашкол адиректор Дифа Габниаԥҳа лажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ажәлар ирбо ираҳауа лассы -лассы имҩаԥгалатәуп.
"Зқьышықәсала еиқәырханы иаагоу ҳфольклортә доуҳа амырӡра ауп изызку ас еиԥш иҟоу афестивальқәа реиҿкаара. Анапхгаҩы иџьабаа ахә шьо, иҭабуп даараӡа ҳәа иасҳәарц сҭахуп дыззаԥсо аус азыҳәаны. Хаҭала сара сызхагылоу Қьаамын Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи абжьаратә школ аҟны еиҿкаау ансамбль "Кьараз" абар шьҭа хәышықәсоуп афестиваль рхы аладырхуеишьҭеи", - лҳәоит лара.
Жәлар рфестиваль мҩаԥысит акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа андырԥсыҽ ашьҭахь. Ахәаԥшцәеи, артистцәеи реиқәшәара гәырӷьаран.
"Сара есышықәса саҭаауеит ари афестиваль, еснагь удыршанхоит ансамбльқәа рықәгыларақәа, лымкаала иахьатәи ҳамҩахыҵра акыр ҳазыԥшын, аԥкырақәа рышьҭахь уи ныҳәак иаҳзаҩызахеит", - лҳәоит ахәаԥшҩы Милена Гәымԥҳа.
Афестиваль "Раида" раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2010 шықәсазы. Усҟан иалахәыз очамчыратәи "Ерцахә", гәдоуҭатәи "Риҵа", гагратәи "Кьараз" ракәын.
Аконцерт алахәылацәа иранаршьеит "Аԥсны афольклортә ҭынха аиқәырхаразы" адипломқәеи аҳамҭақәеи.