Гагра ҩыџьа-ҩыџьала аныҟәара ахьыргәаԥхо ақалақьқәа ируакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Гагре
Туристы в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Анапаҵаҩра
Асиа мҩаԥгоуп 2021 шықәсазы атуристцәа заанаҵтәи рҿаҵарақәа ирҿырԥшны. Аиҳарак иалыркаауеит Ҟрым, ақалақь Иалта.

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Гагра аԥшьбатәи аҭыԥ ннакылоит ҩыџьа-ҩыџьала аԥсшьара зҭаху атуристцәа иалыркаауа аҭыԥқәа рыбжьара. Ареитинг шьақәнаргылеит амаҵзура TVIL.RU.

Асиаҿы егьырҭ ақалақьқәа урыстәылатәқәоуп: Иалта, Шәача, Санкт-Петербург, Пиатигорск, Калининград, Москва, Петрозаводск, Ростов-на-Дону, Воронеж.

Астатистикала аԥсшьараз 1-10 мшы иаангылоит, уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа 1,5 - 3,4 нызқьмааҭ аныхра иазыхиоуп. Еиҳа ахәқәа лаҟәуп Пиатигорск, иҳаракуп – Иалта.

Аиҳарак заанаҵтәи аҿаҵарақәа мҩаԥыргоит аотельқәа рҿы –77%, ауаҭахқәа рҿы - 17%., аҩнқәа рҿы – 5%.

  • Иалта – 3374 ₽ / 9 у *
  • Шәача – 2162 ₽ / 10 у
  • Санкт-Петербург – 3207 ₽ / 5 у
  • Гагра – 2592 ₽ / 10 у
  • Пиатигорск – 1542 ₽ / 6 у
  • Калининград – 1806 ₽ / 7 у
  • Москва – 3144 ₽ / 4 у
  • Петрозаводск – 2842 ₽ / 6 у
  • Ростов-на-Дону - 3293 ₽ / 1 у
  • Воронеж – 1600 ₽ / 1 у

*Ҩыџьа рзы абжьаратә хәыԥса.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0