Мықәба аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы: ҳаԥсшьаҩцәа иҟоу аинформациа иаша макьана ирыздырӡом
"Роспотребнадзор ицәырнагаз аинформациа ашьҭахь ауадаҩрақәа ҳарҭагылан, аха анаҩс уи иашьҭанеиз ажәабжь аҭагылазаашьа хәыҷык еиӷьнатәит, аха макьана атуристцәа аҭел иасуеит, еилыркаауеит, уи ииашоума ҳәа. Иҟоу аиаша аинформациатә хархәагақәа рыла инагатәуп, мамазар иззымдыруа ԥыҭҩык ыҟоуп. Аԥсшьаҩцәа иаразнак иасуа иаалагеит, аҩра иалагеит, ас ҟалар, ҳазнеиӡом ҳәа. Макьана заатәи аҿаҵақәа аҟәырымхыцт, аха наҟ-наҟ иҟалаша атәы иаҳа идеилыркааны ирызнагатәуп, аха уи макьана ҳаргьы иҳаздырӡом", - еиҭеиҳәеит Мықәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны аиҳабыра Роспотребнадзор Урыстәыла алаларазы иҟанаҵаз аԥҟарақәа ҳаилнаркаауеит