Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Агрба араионтә еизара аусура аиҭахацыркра иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукАстан Агрба
Астан Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араионтә еизара ахантәаҩыс деиҭалхуп Асҭан Агрба, иара арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аизара аҿаԥхьа хыдҵас иқәгылоу, русура злахацдыркуа азҵаарақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Агрба араионтә еизара аусура аиҭахацыркра иазкны

"Араион аизараҿы 25-ҩык адепутатцәа ыҟоуп, ҭыԥк аҿы алхрақәа мҩаԥымсит. Раԥхьа иргыланы иӡбтәу азҵаарақәа реиҳарак ируакуп-ақалақь аҩныҵҟа, ақыҭақәа рҿы, аҳаблақәа рҿы азеиԥштә нхара азҵаарақәа, ҳамҩақәеи афымцеи рҭагылазаашьа, аӡы. Ҳалагоит акурорттә сезон аҽазыҟаҵарақәа, аԥсшьаҩцәа ҳарзыԥшуп. Дара ирыхәҭоу аҭагылазаашьа аԥҵара азҵаарақәа адепутатцәа араион ахадара аԥхьа иқәдыргылоит. Нас ҳҽеимаданы абарҭ аусқәа рынагӡара ҳрылагоит. Аԥсшьаҩцәа Гагра иаап ҳәа агәыӷрақәа ҳамоуп. Ус аинформациа ҳауеит аԥсшьарҭатә ҩнқәа рҟнытә заатәи аҿаҵақәа рыла", - еиҭеиҳәеит Агрба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0