Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Киут Аҩеиӡтә мҽыша иазкны

© Sputnik Отец Игнатий Киут
Отец Игнатий Киут - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсшьа Иоанн Ахьҿы Камантәи иберҭыԥ анцәаимҵаныҳәаҩ аигумен Игнати (Киут) арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Иаса Қьырса Иерусалим иҭалара ахҭыс иаԥхьагылази, уи ашьҭахь иҟалаз ахҭысқәеи ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Киут ишәҭышу амҽыша иазкны

"Ари аныҳәа еиуеиԥшым ахьыӡқәа амоуп – ишәҭышу амш, амчыбжь. Ирҳәоит ари аныҳәа иаҳа иазааигәоуп аҩеиӡ (верба-аред.), избанзар, Урыстәыла апальмақәа ыҟаӡамызт, инаргоз апальма абыӷьқәа ракәын, убри кны иԥылон Иаса Қьырса Иерусалим данҭалоз. Лазар дыԥсны дыкҿан. Иаса Қьырса уи иашьа еиԥш бзиа дибон, уи даныԥсы иара дҵәыуон. Иаса Қьырса Анцәа иҟынтә ацәаныррақәа иман ауаҩытәыҩса иҟнытәгьы иман. Иаса Қьырса диргылоит Лазар, аха икәша-мыкәша иҟаз ихарҵомызт, убри ахҭыс ашьҭахь зегьы ираҳаит Иаса Қьырса амч ду шимаз", - еиҭеиҳәеит аб Игнати.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0