АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 236-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 32-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы мшаԥы 26 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәсазы ииз апациентка. Лара диагноз хадас илзышьақәыргылан акоронавирустә инфекциа ҿыц, иара убас илзаарԥшын ахәышәтәырҭанҭыҵтәи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 58-ҩык, урҭ рахьтә 44-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 32-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>