Амшын еиқәа иаԥну аҳаирбаӷәазақәа 2021 шықәсатәи аԥхынразы русура иацлоит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолет в Сочи, архивное фото
Самолет в Сочи, архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылаа 29 тәыла ирҭаар рылшоит, аха мшаԥы 15 инаркны рашәара 1 аҟынӡа Ҭырқәтәылаҟа аԥырра азин ыҟам аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны.

АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Амшын еиқәа иаԥну аҳаирбаӷәазақәа 2021 шықәсатәи аԥхынрази лаҵарамзатәи амшныҳәақәеи раан русура иацлоит ҳәа аҩуеит РБК.

Аҳаиртә еилахәырақәа аҳәаанырцәтәи аԥыррақәа рыԥкыразы Амшын еиқәа акурортқәа рахь ареисқәа ирыцырҵоит. Аиҳаракгьы Шәача, Анапа, Геленџьик, Симферополь рахь.

Страны мира. Турция - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ рашәара акы нахыс Ҭырқәтәылаҟа атурқәа рымҭиларц лҳәеит

Ахолдинг "Аэродинамика", Анапа, Шәача иара убасгьы Краснодар рҳаирбаӷәазақәа хылаԥшра рзызуа, ахаҭарнак иажәақәа рыла Шәачатәи аҳаирбаӷәаза рашәара-цәыббра амзақәа рзы 100% аидара рықәлоит.

Мшаԥы 23 рзы Урыстәылеи Египети рхадацәа еицәажәеит египеттәи акурортқәа рахь аԥыррақәа реиҭахацыркразы, аха ареисқәа рхыԥхьаӡареи ианхацыркхои ртәы макьаназ иҳәам.

Мшаԥы 26 рзы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова атуроператорцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит рашәара 1 ашьҭахьгьы Ҭырқәтәылеи Танзаниеи рахь атурқәа рыҭира рҽацәхьаркырц "Ҭырқәтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахәшьара азҭо аӡбамҭа рыдыркылаанӡа".

Аҳаиртә транспорт ахархәаҩцәа урыстәылатәи рассоциациа (АЭВТ) 2021 шықәсазы жәларбжьаратә мҩангарақәа 9 миллионҩык рҟынӡа илаҟәуеит ҳәа азыԥхьагәанаҭоит. Ҵыԥх пандемиа иахырҟьаны урыстәылатәи авиаеилахәырақәа рымҩангара 13 миллион-ҩык рҟынӡа икаҳаит –76%.

Ажәабжьқәа зегьы
0