"Уаанӡа ақыҭаҿы аҭыԥантәи депутатс сыҟан, иахьа араион аҿы депутатс салхуп, ақыҭаҿы акы ҳзыҟаҵозар ҳәа ҳус ҳазнеиуеит. Бабышьра иҟоуп анхацәа атуристцәа здызкыло, иҟоуп асасааирҭа маҷгьы. Иҟоуп аферма маҷқәагьы. Сара хаҭала ашьха сааӡоит, 200 цыра рҟынӡа сымоуп. Сазныҟәоит ишаҭаху. Иара ахаҭа иҟамлар, аԥсабарагьы зыҟалаӡом. Ԥшьышықәса ҵуеит снапы алакуижьҭеи. Аҭира хәыҷык иаҳцәыцәгьоуп. Москва, Аԥсны ианаҳҭиуа иҟоуп, аха ицәгьоуп, уи ҳақәгәыӷны ауп изыҟаҳҵазгьы, ҳнапы залаҳкызгьы. Сара мацара хышә ҭаацәара здыруеит ашьха зааӡо, ҳаиаазакны зегьы ҳрацәаҩуп", - еиҭеиҳәеит Ломиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гогьиа: сыԥсшьарамшқәа зегьы ашьхааӡара иазкуп
-
"Жәлар рдоуҳа": ашьхааӡара иадҳәалоу ақьабзқәа