Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа Аԥсныҟа иаагоу аветеринартә лаҵақәа рзы: зегь рызхара ҳамоуп

© Sputnik Роман Джопуа
Роман Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәылахь иаагоу алаҵақәа зызкуи, урҭ арахә рылаҵара ианалаго ртәи.
Џьопуа Аԥсныҟа иаагоу аветеринартә лаҵақәа рзы: зегь рызхара ҳамоуп

"Ачымазара ҿыц ҳәа акгьы мцәырҵӡеит, уаанӡа иҟаз ачымазарақәа ирҿагылоу алаҵақәа роуп сынтәагьы иҟаҵахо. Ахәдырчы ҳәа ашьамаҟа ачымазара, иара убас МК ҳәа ауааԥсыра рҿы изышьҭоу ачымазара рҟнытә алаҵақәа роуп иаагоу. Иара аҳәынҭқарра аплан иалагӡаны иагоу алаҵақәа рахь иаҵанакӡом, убри аҟнытә жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыцхыраарала иаагоуп. Арҭ ачымазара ара Аԥсны иуԥылалоит лассы-лассы азы уи алаҵа ҟаҵатәуп. Ҳгәы иҭоуп жәаба-жәаба нызықь хы рҟынӡа алаҵа рзыҟаҵара. Лаҵарамзеи мшаԥымзеи дара ирзыԥҵәаны иҟоуп, урҭ амзақәа ирылагӡаны ҳахьӡап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аӡәгьы ашәара ҟаимҵааит, зегь рызхара ҳамоуп, аӡәгьы ҳицәхьаҵуа ҳаҟаӡам. Ишақәнагоу ақыҭа ахадара, даара роуп аиҿкаара зуалу", - азгәеиҭеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0