АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik. Мраҭашәароуп изылшо Киев Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа нанагӡартә аҟаҵара ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Уажәазы ихадароу аҭакԥхықәра зду Мраҭашәароуп, избанзар Мраҭашәара заҵәык ауп Украина ахада Владимир Зеленски 2019 шықәсазы Париж Урыстәылеи Франциеи рхадацәеи Германиа аканцлери Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа альтернатива рымам ҳәа шьақәырӷәӷәо инапы зҵеиҩызи уаанӡатәи ахада инапы зҵеиҩхьази адокументқәа нарыгӡарц рыдызҵар зылшо", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Зеленскии икомандеи напхгара рызҭар зҭаху Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа неигӡар зынӡагьы ирҭахым ҳәа азгәеиҭоит Лавров.
Украина амчрақәа 2014 шықәса мшаԥымзазы арратә операциа иалагеит ДЖәРеи ЛЖәРеи ирҿагыланы. ООН аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аимак иахҟьаны иҭахахьеит 13 000-ҩык ауааԥсыра. Донбасс аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иалацәажәан Минсктәи аинырратә гәыԥ аиԥылараҿы 2014 шықәса цәыббрамзазы. Ирыдыркылеит х-документк аимак адеескалациа амҩаԥгаразы. Аха аимак аганқәа иахьа ауажәраанӡагьы аиҿахысрақәа мҩаԥыргоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Лавров Донбасс Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи излареиԥшым далацәажәеит