"Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы аенергетика апроблемақәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 26 рзы заанаҵы ихыркәшахеит ЕгрыГЕС аҟны аремонттә усурақәа, ареспублика астанциаҟынтә афымцалашара аиуа иалагеит.

АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа аенергетика апроблемақәа дрылацәажәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз.

Иара иҳәеит авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аушьҭратә лшара шыԥку, аидара ҳаракхар иалшоит апроблемақәа еиҭацәырҵыр ҳәа. Урыстәылантәи афымцамч Аԥсныҟа ианаарышьҭуаз ареспублика ацәаҳәақәа "Ԥсоу-220", "Гьачрыԥшь-110", "Кавкасиони" рыла иаиуан. ЕгрыГЕС аусура ианалага ашьҭахь "Аӡхыҽҽатә-1", "Аҽгәара" рыла ҳәа иҳәоит Логәуа.

Мшаԥы 28 рзы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки Москва реиԥылараан иалацәажәан авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азура азҵаара. Урыстәыла аенергетика аминистрраҿы ирҳәеит атехникатә цхыраара шыҟарҵо аусурақәа рырццакразы мышқәак рыҩнуҵҟа иахымгакәа аматериал атәылахь ишаашьҭхо.

ВЛ Ачгуара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
"Аҽгәара" аҟны аремонттә усурақәа рылагаразы аматериал мышқәак рыла иаашьҭхоит

Михаил Логәуа иара убасгьы дазааҭгылеит амаинингтә фермақәа раарԥшразы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы. Иҳәеит ари апроблема акыршықәса ишыҟоу, асистематә ҟазшьа шрымоу.

"Ҭагалан аусура мҽхакыҭбаала имҩаԥаагеит. Ацәаҳәақәа реидарақәа каҳаит, аха нас еиҭашьҭыҵит. Ашықәс ҿыц аламҭалаз амобилтә еимадарақәа роператорцәа 60-70 мегаватт афымцамч ахархәара еиҵартәит, ажьырныҳәа 3 рзы еиҭа еиҳахеит", - ҳәа иҳәоит Логәуа.

Араионқәа рҿы аштабқәа анаԥырҵа ашьҭахьгьы иара убасҵәҟьа аҭагылазаашьа ҟалеит. Аԥхьа иубартә апроблема ҭышәынтәалеит аха нас – еиҭашьҭыҵхит.

"Ари иаанаго амаинингхархәаҩцәа рсистема иаҿагылаша ахатә система шьақәыргылатәуп ауп", - ҳәа иҳәоит иара.

Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Аенергетикеи аинвестициеи: Кристина Озган Москва аиԥыларақәа мҩаԥылгеит

Логәуа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа ареспубликаҿ иҟоу астанциа маҷқәа рыпрофилактика ишалагаз. Дара реиҳарак аремонт рҭахуп.

"Гагра араион ала ҳалагеит. Арҭ рҩызцәа аусурақәа мҩаԥгахоит аихшарҭатә ҳақәа зегьы рыҟны. Ирацәоуп иҟаҳҵараны иҟоу ауснагӡатәқәа", - ҳәа иҳәеит иара.

Атәыла аенергетика аиҭашьақәыргыларазы 5 миллиардк еиҵамкәа аԥара аҭахуп ҳәа иҳәеит Логәуа. Ареспубликаҿы афымцамч аиура аԥкрақәа шыҟазгьы, ахархәара ҵыԥх аасҭа акыр еиҳауп.

Аамҭа-аамҭалатә алашарарцәара аанкылахеит мшаԥы 26 рзы ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт ашьҭахь. Ус шакәугьы аусбарҭа ауааԥсыра рахь адырра ҟанаҵоит амчыбжь аҩныҵҟа аиԥҟьарақәа ҟалар шалшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0