Ауаажәларратә палата аилазаара арҿыцит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәылацәа реиҭалхра ҵаҵӷәыс иаиуит уаанӡатәи алахәылацәа ҩыџьа аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рахь иахьиасыз.

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Ауаажәларратә палата аилазаара арҿыцит ҩыџьа алахәылацәа ралагаларала.

Маӡалатәи абжьыҭарала апалата аилазаара иаларгалеит:

  • Авҭандил Гарцкьиа, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "АРУАА" адгаларала,
  • Ерик Рштуни, Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны жәлар реидгыла" адгаларала.

Иазгәаҭоуп ҩ-ҭыԥк рҿы жәаҩык ауаа еиуеиԥшым аполитикатә партиақәеи ауаажәларратәи еиҿкаарақәеи рҟынтәи рыхьӡ шҳәаз.

Аҭыԥқәа ҭацәит апалата уаанӡатәи алахәыла Беслан Џьопуа аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыси ақыҭанхамҩа аминистрси даныҟала, Рисмаг Аџьынџьал – атәыла ахада Нхыҵ Кавказнтә хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа рнырразы иабыжьгаҩыс даныҟала.

Ажәабжьқәа зегьы
0