Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла даҽа 33-ҩык акоронавирус рыдырбалеит Аԥсны

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСотрудник лаборатории перинатального центра республиканской клинической больницы имени Н. А. Семашко за работой.
Сотрудник лаборатории перинатального центра республиканской клинической больницы имени Н. А. Семашко за работой. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14494-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13517-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.

АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 231-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 33-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 42-ҩык, урҭ рахьтә 40-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 12-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - быжьҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0