Аполитикатә партиа "Аиҭаира" инарҭбаау аизара ду мҩаԥнагеит

© Sputnik / Авидзба Бадрак Съезд политической партии "Аитайра"
Съезд политической партии Аитайра - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
Аполитикатә партиа "Аиҭаира" инарҭбаау актәи аизара ду аҟны аиҿкаара ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩыс далырхит Иулиан Бобуа, иара убасгьы аполитхеилак алахәылацәа алырхит.

АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мшаԥы 30 азы аполитикатә партиа "Аиҭаира" инарҭбаау актәи аизара ду аҟны ареспубликаҿ аҭагылазаашьа иалацәажәан, иӡбан аиҿкааратә зҵаарақәа.

Аизара ду ааиртит апартиа ахантәаҩы Леонид Лакербаиа. Иара иҳәеит шықәсык аԥхьа ахада иалхрақәа рымҩаԥысраан апартиа "Аиҭаира" иахьатәи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа икандидатура ишадгылаз.

"Иахьа, ареспубликаҿы аҭагылазаашьа марианы ианыҟам ибзианы еилаҳкаауеит ҳаргьы ҳҭакԥхықәра шыҟоу. Ҳәарада акоронавирус ахҭысқәа рымҩаԥысшьа акыр еиҭанакит, убри аан атәыла анапхгара рхатә ресурсқәеи Урыстәылеи рыцхыраарала акыр уснагӡатә рыдыркылеит", - азгәеиҭеит Лакербаиа.

Урыстәылатәи аҳақьымцәеи аԥсуа диаспореи рыцхыраара иалнаршеит COVID-19 иадҳәалаз аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара зекономика ҳараку атәылақәак иреицәамкәа ҳәа иҳәеит иара.

"Иацы Аԥсныҟа иаашьҭын алаҵа "Спутник-V" аԥхьатәи апартиа. Макьанагьы ачымазара бааԥс иаҿагыланы иқәԥалатәуп. Ара акраҵанакуаны иҟоуп ауааԥсыра рхымҩаԥгашьагьы", - иҳәеит аполитикатә партиа ахантәаҩы.

© Sputnik / Авидзба Бадрак Аполитикатә партиа "Аиҭаира" инарҭбаау аизара ду мҩаԥнагеит
Аполитикатә партиа Аиҭаира инарҭбаау аизара ду мҩаԥнагеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Аполитикатә партиа "Аиҭаира" инарҭбаау аизара ду мҩаԥнагеит

Абри ашьҭахь иара ааԥхьара ҟаиҵеит аҿкчымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз ргәалашәара азгәарҭарц. Арахь иаҵанакуеит "Аиҭаира"ахаҭарнакцәагьы – Лавренти Амқәаб, Ҭимур Ҭорҭиа.

Леонид Лакербаиа дазааҭгылеит аенергетика аҭагылазаашьа. Иара игәаанагарала иахьа иҟоу асистематә кризис ауп изыхҟьо.

"Аҭагылазаашьа акыр иаруадаҩит акриптовалиута атехнологиа. Уи иаҿагыланы ақәԥара хымԥадатәиуп. Сақәгәыӷуеит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа абри аганахь ала имҩаԥызго анапхгара уи аиааира рылшап ҳәа", - иҳәеит иара.

Лакербаиа иара убасгьы иазгәеиҭеит аулафахәқәа, атәанчахәқәа ршәараҿы аиҵахарақәа шыҟоу, убри аан иҳәеит уи уаанӡатәи анапхгара агхақәа ишрыдҳәало.

"Атәылаҿы имариам ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ыҟоуп. Ауаажәларра, апартиақәа, аиҿкаарақәа рҽеидрымкылакәа уаҵәтәи амш лашахом", - азгәеиҭеит иара.

Леонид Лакербаиа иҳәеит ареспублика анапхгара ҿыц рыҽшазыршәо иҟоу аиҟәшара аиааира, рҭыԥқәа рҿы ишныжьу уаанӡатәи амчра иадгылоз ачынуаа жәпаҩык. Ари иаҳәоит амчра ихадараны иаԥхьаӡо аҳәынҭқарра аинтересқәа шракәу.

"Ишәгәаласыршәар сҭахуп Аслан Бжьаниа ахадас даныҟала Адгәыр Арӡынба ачын ҳарак дшадиԥхьалаз, аха аҵыхәтәантәи мап шикыз. Шәхаҿы ишәзаагару уаанӡатәи ахада иоппонент Москва, Аиааира апарад ахь дигарын ҳәа? Абригьы иамыхәаԥшыкәа акадыртә политика -аполитикатә мотивқәа амоуп ҳәа рҳәоит", - иҳәеит Лакербаиа.

Ахада иара убасгьы аинышәара хықәкны иҟаҵаны ажәалагала ҟаиҵеит Ауаажәларратә хеилак аԥҵазарц иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит "Аиҭаира" апартиақәеи аиҿкаарақәеи аус рыцура ишазыхио.

Иара игәаанагарала 2022 шықәсазы иҟалараны иҟоу Апарламенттә алхрақәа рахь ахада идгыло апартиақәеи аиҿкаарақәеи иаку акандидатцәа рсиа аздырхиалар шакәу.

Анаҩс иқәгылан ицәажәеит аполитикатә партиа "Аиҭаира" ахаҭарнакцәа. Дара еицҿакны ирҳәеит иахьатәи анапхгара адгылара шрырҭо, ажәлар ракзаара зегь раасҭа ишхадароу, уи шакәу атәыла аҿиара азҭо.

Апартиа очамчыратәи аҟәша ахаҭарнак Милана Ҵәыџьԥҳа аизара ду аделегатцәа адырра рылҭеит лаҵарамзазы апартиа аҿар рыхәҭа шеиҿкаахо.

Аполитикатә партиа "Аиҭаира" инарҭбаау актәи аизара ду аҟны аиҿкаара ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩыс далырхит Иулиан Бобуа, иара убасгьы аполитхеилак алахәылацәа ҩеижәаҩык алырхит.

Ажәабжьқәа зегьы
0