АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟаи Урыстәылантәи Аԥсныҟаи амультимодальтә пассаџьыртә ныҟәарақәа еиҭахацыркхеит мшаԥы 30 рзы ҳәа аанацҳауеит АНО "Иаку атранспорттә дирекциа" апресс-маҵзура.
"Ари ауснагӡатә иалнаршоит Аԥсны иаҭаар зҭаху атуристцәа рхыԥхьаӡара азырҳара", - азгәарҭоит апресс-маҵзураҿы.
Амҩангара мҩаԥысуеит Адлертәи адәыӷбаангыларҭеи Шәачатәи аҳаиртә баӷәазеи рҟынтә Аԥсны ақалақьқәа хәба: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа рахь.
Атуристцәа ироуеит алшара иалырхырц: "адәыӷба + автобус", "аҳаирплан + автобус".
Актәи авариант ала "Иаку абилеҭ" аахәара алшоит иарбанызаалак авокзалқәа, АО "ФПК" агенттә ҳақәа рҿеиԥш ОАО "РЖД" асаит аҿгьы.
Абилеҭ "аҳаирплан + автобус" аахәара алшоит Атранспорттә клирингтә палата агенттә ҳа аҿы.
Абилеҭ аахәара алшоит автобусла амҩангара аамҭа 36 сааҭ шагу. Амҩангара мҩаԥысуеит иманшәалоу амикроавтобусқәа рыла.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Атуристтә дәыӷба "Шәача" Москвантәи Гаграҟа зныктәи ареис ала ибжьысуеит