Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аиба еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи аҵәақәа рхаҭабзиара зеиԥшроу

© Foto / предоставлено Джотой Аиба Джота Аиба
Джота Аиба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Анапаҵаҩра
Қьырала игоу аԥышәаратә нхамҩа аусура шеиҿкаауи, аалыҵ ахаҭабзиара шыҟоуи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аацы ақыҭан иҟоу абаҳча аиҳабы Џьота Аиба.
Аиба аҭыԥантәи аҵәақәа рзы: ҳажәлар ирфар, ирзеиӷьамзар, ирзеицәахаӡом

10 шықәса ҵуеит Аацы ақыҭан аҵәа еиуеиԥшым ахкқәа рааӡоижьҭеи. Уи аиҳабы иажәақәа рыла, Италиантәи иаагоу аиҭаҳатәқәа Аԥсны ибзианы ианаалеит.

"Ҳусура ачымазара иҟоу ианыԥшит ҳәа сҳәар, мцуп. Аҵәа иаҳҭаауа зегьы Аԥсны аҩныҵҟа ауп иахьаҳҭиуа, наҟ Урыстәылаҟа иаҳгаӡом. Ҳара аҵәақәа еиҭаҳҳаанӡа, ақыҭанхамҩатә институт аҿы иҭырҵааит. Аиҭаҳатә ааган Италиантәи, дара аҵәа хкқәа зегьы ибзианы ианаалеит. Хкык нанҳәамзазы иҟалоит, усҟан аҭиразы ауадаҩра ыҟам, егьырҭ ҽаҩраҭагалан, убас ашықәс нҵәанӡа аҵәа ҳамоуп. Иара еснагь агәаҭарақәа рахь иҳашьҭуеит, аспециалистцәа адыԥхьалан. Угәы иаахәаратә иҟоуп, зынӡа анитратқәа алаӡам, ҳажәлар ирфар, ирзеиӷьымзар ирзеицәахаӡом. Шә-тоннак аҟара аҵәа ҳауеит. Пату ақәҵаны иуааӡар, инамыцхәны акәымкәа иахәҭоу ахәшәқәа анауҭалак, акыр ачҳарагьы амоуп. Ҳара ҳшәыр аџьырмыкьахь инаҳгаӡом, ажәлар шьҭа ирдыруеит, иааины иргоит", - еиҭеиҳәеит Аиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0