АҞӘА, лаҵара 1– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 390-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 63-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 43-ҩык, урҭ рахьтә 43-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 31-ҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 12-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>