Ансамбль "Самырзаҟан" афестиваль "Урыстәыла аԥеиԥш" аҟны аԥхьахә анашьахеит

© Foto / facebook / Besik JumutiaДетский ансамбля "Самурзакан"
Детский ансамбля Самурзакан - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
Анапаҵаҩра
Афестиваль-еицлабра "Урыстәыла аԥеиԥш" хнызқьҩык рҟынӡа артистцәа алахәын, имҩаԥысуан аконцерттә зал "Измаилово" аҟны, мшаԥы 26 инаркны лаҵара 2-нӡа.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Бадраҟ Аҩӡба. Тҟәарчал араион Гал-хәыҷ ақыҭаҟынтәи ахәыҷтәы вокал-инструменталтә фольклортә ансамбль "Самырзаҟан" аԥхьахә хада анашьахеит аноминациа "Жәлар рвокал" аҟны, абри атәы Sputnik изеиҭеиҳәеит аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы Михаил Џьумутиа.

Ансамбль  Самурзакан - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
Ансамбль "Самырзаҟан" Кремльтәи афестиваль иалахәхоит

"Алхратә конкурс аҟны ҳколлектив ашәақәа ҩба наныгӡеит- аԥсуа жәлар рашәақәа рпопурри, аурыс фольклортә ашәа "Бзиа избо"", - иҳәеит иара.

Афестиваль-еицлабра афиналтә хәҭа аԥҟарақәа рыла, аколлективқәа ашәак-ашәак анагӡаразы азин рыман, ансамбль "Самырзаҟан" аурыс фольклортә ашәа "Бзиа избо" наныгӡеит, уи иалнаршеит акультуреи аҟазареи рзы амилаҭтә премиа аиура.

Афестиваль-еицлабра "Урыстәыла аԥеиԥш" мҩаԥысуан аконцерттә зал "Измаилово" аҟны, мшаԥы 26 инаркны лаҵара 2-нӡа. Хнызқьҩык рҟынӡа артистцәа алахәын, зынӡа асценаҟны иқәгылан 150 коллектив, Урыстәылатәи ақалақьқәа 120 рҟынтәи. 

Михаил Џьумутиа "Самырзаҟан" 1997 шықәсазы иаԥиҵеит. Аколлектив Аԥсни анҭыҵи имҩаԥысуа аицлабрақәеи афестивальқәеи рҟны аԥхьахәқәа ириааихьеит. Иахьазы иара 35-ҩык ахәыҷқәа рыла ишьақәгылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0