АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Беслан Ешба аҵлақәа ркаҿара азин ҟаиҵом аекологцәа ақәшаҳаҭымкәа. Абри атәы иҳәеит иара ақалақь араионқәа рыҩнусбарҭақәа рхадацәа алархәны имҩаԥигаз аилацәажәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥгаз аҵлақәа рхырҿҿара ацәажәара рацәа шахылҿиааз.
"Хаԥышәала акгьы аҟаҵара ҟалом. Ҵлақәак шыхдырҿҿаз анызба, иҟазҵаз ааныркыларц азы амилициа насышьҭырц сҭаххеит. Даҽазныкгьы исҳәоит - аекологиатә зин ҳамамкәа акы алакьысра шыҟамло. Ауааԥсыра рҟынтәи азыҳәа шәоуазар, агәылацәа иразҵаатәуп, аҭагылазаашьа гәаҭатәуп", - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.
Ешба иара убасгьы иҳәеит ақалақь ацқьара шагу. Иара анапынҵа ҟаиҵеит амҩадуқәа, апаркқәа, амшын аԥшаҳәа рҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥгалазарц. Аиҳарак иара дазааҭгылеит Араион ҿыц аҿтәи аҭагылазаашьа.
Аҟәа ахада ипресс-маҵзура ишаҳәо ала, ақалақь хәҭа-хәҭала еихшоуп АУН "Аиқәыршәазаара" аусзуҩцәа рыбжьара. Арҭ агәыԥқәа реиҳабцәа ишырҳәо ала, аусуцәа азхом. Апандемиеи иалагалаз аԥкрақәеи Абжьаратә Азиа аҟынтәи амигрантцәа рыҩныҟа иархынҳәит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ари аусура рацәак рҽадрыԥхьалом.
Лаҵара 20 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп акциа "Ақалақь цқьа". Ақалақь ахада ауааԥсыра зегьы ауснагӡатә рҽаладырхәырц ааԥхьара ҟаиҵеит.
"Ақалақьуаа зегьы ааԥхьара рзыҟаҳҵоит акциа рҽаладырхәырц. Ааԥхьара раҳҭоит аиҿкаарақәа, анаплакқәа. Аҩнусбарҭақәа араионқәа руааԥсыра адырра рырҭароуп", - ҳәа иҳәеит ақалақь ахада.
Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа иазырхиахоит акциа анагӡараз аплан. Ақалақь ахадара ауаа еиқәнаршәоит иахәҭоу амаҭәахәқәа рыла.