Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла даҽа 52-ҩык акоронавирус рыдырбалеит Аԥсны

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедико-генетический научный центр
Медико-генетический научный центр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14795-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13780-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 334-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 52-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 51-ҩык, урҭ рахьтә 45-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 21-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0