Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҭоурых иагәылаҵәаху: Џьыкырԥҳа аԥырҩы фырхаҵа Қьаазым Агрба изкны

© Sputnik / Илона ХварцкияГугуца Джикирба
Гугуца Джикирба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Анапаҵаҩра
Изныкымкәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ иоурц зыӡбахә рҳәахьаз, аха аҳамҭа занарымшьаз, аԥырҩы Қьаазым Хәаҭхәаҭ-иԥа Агрба инысымҩа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәалатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи афонд аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Џьыкырԥҳа аԥырҩы фырхаҵа Қьаазым Агрба изкны

Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" есмҽыша арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 21-ҩык. Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0