Аԥсны аоперштаб: даҽа 36-ҩык ауааԥсыра акоронавирус рыдырбалеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазработка экспресс-тестов на коронавирус учеными из центра "Сколково"
Разработка экспресс-тестов на коронавирус учеными из центра Сколково - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14870-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13856-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 224-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 263-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 36-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 51-ҩык, урҭ рахьтә 42-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 31-ҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 12-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0