Аӡбаҩцәа Ахра Аҩӡба иаанкыларатә ҭагылазаашьа аԥсахразы азыҳәа иахәаԥшраны иҟоуп

CC0 / / Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы лаҵара 12 рзы иаатит Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ, ДЖәР афырхаҵа Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз ԥшьҩыки рганахь ала аӡбаҩцәа реилатәара.

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахра Аҩӡба ихьчаҩ Инга Габилаиаԥҳа азыҳәа ҟалҵеит ззинқәа лыхьчо Ахра Аҩӡба аҩнытә рбаандаҩра даҵадыркырц, избанзар Ахра Аҩӡба иаанкылара ҵаҵӷәы амам, уи адагьы иара ашьақарчымазара имоуп.

Суд по делу Ахры Авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Урыстәылатәи адукат Ахра Аҩӡба изинқәа ихьчалоит

Зус рыӡбо аҳәамҭа ҟаиҵеит аҽыҵәахра игәы ишҭам азы.

"Ибналар алшоит ҳәа иаҳзырҳәо афантастика иазааигәоуп. Шьыжьи хәылбыҽхеи хәба-хәба флакон акапельница сзыҟарҵоит. Сгәабзиара шьақәсыргылароуп раԥхьа иргыланы", - иҳәеит Аҩӡба.

Аҳәынҭарратә харадҵара аган Апрокурор хада ихаҿала азыҳәа иаҿагылеит. Апрокуратура агәаанагарала аус аматериалқәа ирылам Ахра Аҩӡба игәамбзиара атәы зҳәо ашәҟәы. Уи адагьы иара ихы данақәиҭхалак иахьазы зҿахәы зҿыхым ашаҳаҭцәа анырра риҭар алшоит. Уи аҭакс Аҩӡба иҳәеит ашаҳаҭцәа зегьы азинхьчаратә усбарҭақәа ирусзуҩцәоуп ҳәа.

"Аӡәы сиԥырхагоушәа хьӡык сырҭандаз ҳәа сыҟам", - иҳәеит иара.

Аӡбаҩцәа аилацәажәаратә уадахь инеиит асааҭ 17:00 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0