Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа аҩаша, лаҵара 11 рзы Тҟәарчал даҭааит. Уажәазы ахәышәтәырҭаҟны аҵыхәтәантәи аусурақәа ирҿуп. Аминистр илбеит аус ахьынӡанагоу, иагу–иабзоу гәалҭеит.
"Дахәаԥшит (Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр- аред.), ари амза анҵәамҭазы иҟаҵаны ахархәарахь ираҳҭароуп лҳәеит. Ҳаилацәажәеит, амза анҵәамҭазы ҳахьӡоит аҟаҵара. Ахыбра дакәшаны игәалҭеит, иҟоуп дахьҳацәҳазгьы, ииашаны иахьыҟаҳамҵаз аус ҳариашартә аамҭа ҳамоуп даҽа мчыбжьык-ҩымчыбжьа. Акаҭран ақәҵара хәыҷык ҳадхаланы ҳаҟан, аха уи иахьа иахәаԥшит, ҩымш-хымш рыла иалагар, ҳахьӡоит уигьы", - иҳәеит Шамугьиа.
Иара иҳәеит имоу адыррала лаҵара 28 рзы ахәшәтәырҭа аартра шазгәаҭоу.
Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: