Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба

Анапаҵаҩра
Аԥсны Раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, аорден "Ахьӡ-аԥша" I аҩаӡара занашьоу аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владислав Григори-иԥа Арӡынба лаҵара 14 рзы ихыҵуазаарын 76 шықәса.

Sputnik афотонҵамҭаҿы еизгоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рҟынтәи Владислав Арӡынба ифотосахьақәа: ихәыҷра ашықәсқәа, истудентра аамҭа, СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак аҟны дандепутатыз, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс даныҟаз, Аџьынџьтәылатә еибашьраан, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас даныҟаз ашықәсқәа раан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

© Foto / с сайта В.Г. АрдзинбаВладислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәса рзы Ешыра ақыҭан аҭоурых арҵаҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Григори Арӡынбеи ашкол аусмҩаԥгаҩ Надежда Иазычԥҳаи рҭаацәараҿы.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
1/17
Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәса рзы Ешыра ақыҭан аҭоурых арҵаҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Григори Арӡынбеи ашкол аусмҩаԥгаҩ Надежда Иазычԥҳаи рҭаацәараҿы.
© Foto / Официальный сайт Первого Президента Республики АбхазияВладислав Григори-иԥа Арӡынба Москва аспирантура данҭаз. 1968 ш.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба Москва аспирантура данҭаз ашықәсқәа раан. - Sputnik Аҧсны
2/17
Владислав Григори-иԥа Арӡынба Москва аспирантура данҭаз. 1968 ш.
© Foto / с сайта В.Г. АрдзинбаАбҵара 26 1994 шықәса рзы иара Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи ахадас далырхит, жьҭаара 3 1999 шықәсазы жәлары зегьы рыбжьыҭирала еицҿакны Аԥсны ахадас деиҭалырхит.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
3/17
Абҵара 26 1994 шықәса рзы иара Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи ахадас далырхит, жьҭаара 3 1999 шықәсазы жәлары зегьы рыбжьыҭирала еицҿакны Аԥсны ахадас деиҭалырхит.
© Foto / с сайта В.Г. Ардзинба"Сара адинқәа зегьы ҳаҭыр рықәсҵоит, урҭ зегьы ирзеиԥшу Аиашаҵәҟьа азнеира амҩақәа зларакәу ала", - иҳәахьан Владислав Арӡынба.
Афото аҿы: Владислав Арӡынба Берлин аҭҵаарадырратә командировкаҿы даныҟаз, 1986 шықәса.
В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны
4/17
"Сара адинқәа зегьы ҳаҭыр рықәсҵоит, урҭ зегьы ирзеиԥшу Аиашаҵәҟьа азнеира амҩақәа зларакәу ала", - иҳәахьан Владислав Арӡынба.
Афото аҿы: Владислав Арӡынба Берлин аҭҵаарадырратә командировкаҿы даныҟаз, 1986 шықәса.
© Foto / с сайта В.Г. АрдзинбаВладислав Арӡынба – адунеи аҿы еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, Азиа Маҷ ажәытә милаҭқәа рҭоурых здыруа жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы ҳаҭыр зқәу аспециалист. Иара 1988-1996 шш. рзы Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс дыҟан.
Афото аҿы: Владислав Арӡынбеи аинститут аусзуҩцәа Иура Аргәыни, Сергеи Шамбеи, Иури Воронови, Владимир Дарсалиеи, Игор Ҵнариеи.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
5/17
Владислав Арӡынба – адунеи аҿы еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, Азиа Маҷ ажәытә милаҭқәа рҭоурых здыруа жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы ҳаҭыр зқәу аспециалист. Иара 1988-1996 шш. рзы Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс дыҟан.
Афото аҿы: Владислав Арӡынбеи аинститут аусзуҩцәа Иура Аргәыни, Сергеи Шамбеи, Иури Воронови, Владимир Дарсалиеи, Игор Ҵнариеи.
© Foto / Официальный сайт Первого Президента Республики Абхазия1989 шықәса рзы Владислав Арӡынба далхын СССР жәлар рдепутатси СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатси. Иара илшеит адепутаттә фракциа еидкыланы автономтә республикақәа рыстатус ашьҭыхразы азакәан адкылара.
Афото аҿы: Владислав Арӡынбеи Руслан Аршбеи СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиаан. Москва, 1989 шықәса.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
6/17
1989 шықәса рзы Владислав Арӡынба далхын СССР жәлар рдепутатси СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатси. Иара илшеит адепутаттә фракциа еидкыланы автономтә республикақәа рыстатус ашьҭыхразы азакәан адкылара.
Афото аҿы: Владислав Арӡынбеи Руслан Аршбеи СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиаан. Москва, 1989 шықәса.
© Foto / с сайта В.Г. Ардзинба1990 шықәсазы Владислав Арӡынба далхын Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ианалага, иара аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы ԥхьагылаҩыс дҟалеит.
Афото аҿы: Владислав Арӡынба аибашьра актәи амш азы телехәаԥшрала иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵоит аӷа хәымга иҟынтәи аԥсадгьыл ахьчаразы игыларц.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
7/17
1990 шықәсазы Владислав Арӡынба далхын Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ианалага, иара аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы ԥхьагылаҩыс дҟалеит.
Афото аҿы: Владислав Арӡынба аибашьра актәи амш азы телехәаԥшрала иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵоит аӷа хәымга иҟынтәи аԥсадгьыл ахьчаразы игыларц.
© Foto / с сайта В.Г. АрдзинбаЦәыббра 3 1992 шықәса. Москва имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа. Владислав Арӡынба жәларбжьаратәи аганқәа зегьы рганахьала ақәыӷәӷәара ду шыҟазгьы, игәы меиҭаԥеит. Ашьа ахькаҭәоз, зеимҵәара иаҿыз Аԥсны аԥхьагыла мчыла инапы аҵадырҩыр рҭахын хатәгәаԥхарала ҳаиқәырхаразы иааз ҳашьцәа, аиаша азықәԥаҩцәа еибашьра иахьааз азы ирықәыӡбоз адокумент. Аха Арӡынба илшеит, агәымшәареи ачҳара дуи аарԥшны, ҳахьчаразы иҳавагылаз, Аиааира зырааигәаз ҳашьцәа рыхьӡ аламырҟәра.
Афото аҿы: Владислав Арӡынба, Борис Ельцин, Едуард Шеварднаӡе Москва цәыббра 3 1992 шықәса рзы имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
8/17
Цәыббра 3 1992 шықәса. Москва имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа. Владислав Арӡынба жәларбжьаратәи аганқәа зегьы рганахьала ақәыӷәӷәара ду шыҟазгьы, игәы меиҭаԥеит. Ашьа ахькаҭәоз, зеимҵәара иаҿыз Аԥсны аԥхьагыла мчыла инапы аҵадырҩыр рҭахын хатәгәаԥхарала ҳаиқәырхаразы иааз ҳашьцәа, аиаша азықәԥаҩцәа еибашьра иахьааз азы ирықәыӡбоз адокумент. Аха Арӡынба илшеит, агәымшәареи ачҳара дуи аарԥшны, ҳахьчаразы иҳавагылаз, Аиааира зырааигәаз ҳашьцәа рыхьӡ аламырҟәра.
Афото аҿы: Владислав Арӡынба, Борис Ельцин, Едуард Шеварднаӡе Москва цәыббра 3 1992 шықәса рзы имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь.
© Foto / с сайта В.Г. Ардзинба"Сыуаажәлар, шәхаҵкы! Дарбанзаалак ҳтәыла иқәынхо зегь шәахь схы нарханы исҳәоит. Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа иаҳдырбеит Ҳаԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи ишрыбжьагылоу. Ақырҭцәа ргәы иҭаӡам аибашьра аанкылара... Абри аҩыза аҭагылазаашьаан ҳара аӡәк иеиԥш иԥшьоу Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы ҳгылароуп!" - Владислав Арӡынба.
Афото аҿы: Владислав Арӡынба аԥсуа аруаа рыгәҭа. 1993 шықәса, жәабранмза.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
9/17
"Сыуаажәлар, шәхаҵкы! Дарбанзаалак ҳтәыла иқәынхо зегь шәахь схы нарханы исҳәоит. Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа иаҳдырбеит Ҳаԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи ишрыбжьагылоу. Ақырҭцәа ргәы иҭаӡам аибашьра аанкылара... Абри аҩыза аҭагылазаашьаан ҳара аӡәк иеиԥш иԥшьоу Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы ҳгылароуп!" - Владислав Арӡынба.
Афото аҿы: Владислав Арӡынба аԥсуа аруаа рыгәҭа. 1993 шықәса, жәабранмза.
© Foto / официальный сайт В.Г. Ардзинба Владислав Арӡынба 1995 шықәса рзы Ниу-Иорк имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа раан.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
10/17
Владислав Арӡынба 1995 шықәса рзы Ниу-Иорк имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа раан.
© Foto / официальный сайт В.Г. Ардзинба Нанҳәа 14 1997 шықәса. Владислав Арӡынбеи Қырҭтәыла ахада Едуард Шеварднаӡеи. Уи аиԥылара иара убас далахәын Адыгеиатәи Ареспублика раԥхьатәи ахада Аслан Џьаримов.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
11/17
Нанҳәа 14 1997 шықәса. Владислав Арӡынбеи Қырҭтәыла ахада Едуард Шеварднаӡеи. Уи аиԥылара иара убас далахәын Адыгеиатәи Ареспублика раԥхьатәи ахада Аслан Џьаримов.
© Foto / официальный сайт В.Г. Ардзинба Владислав Арӡынбеи Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ хада Ливиу Ботеи.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
12/17
Владислав Арӡынбеи Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ хада Ливиу Ботеи.
© Foto / официальный сайт В.Г. Ардзинба Владислав Арӡынба. Женева, 1997 шықәса.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
13/17
Владислав Арӡынба. Женева, 1997 шықәса.
© Foto / с сайта В.Г. Ардзинба"Ҳарҭ аибашьра ҳацрарҳәеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьаиааит Ҳаҧсадгьыл ҳанызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәызхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз зыламыс ӷәӷәоу ауаа зегьы!" – Владислав Арӡынба.
Афото аҟны: Владислав Арӡынба иинаугурациа аан. 1999 ш.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
14/17
"Ҳарҭ аибашьра ҳацрарҳәеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьаиааит Ҳаҧсадгьыл ҳанызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәызхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз зыламыс ӷәӷәоу ауаа зегьы!" – Владислав Арӡынба.
Афото аҟны: Владислав Арӡынба иинаугурациа аан. 1999 ш.
© Foto / официальный сайт В.Г. Ардзинба Владислав Арӡынба аинрал Султан Сосналиев "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара анианеишьоз. 2003 ш.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
15/17
Владислав Арӡынба аинрал Султан Сосналиев "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара анианеишьоз. 2003 ш.
© Foto / из архива Кясоу ХагбаВладислав Григори-иԥа Арӡынба ихы-иԥсы зегь зыхҭниҵоз ижәлар дрыԥхеит хәажәкыра 4 2010 шықәса рзы.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
16/17
Владислав Григори-иԥа Арӡынба ихы-иԥсы зегь зыхҭниҵоз ижәлар дрыԥхеит хәажәкыра 4 2010 шықәса рзы.
© Sputnik / Бадри ЕсиаваВладислав Арӡынба аус ахьиуаз истол.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
17/17
Владислав Арӡынба аус ахьиуаз истол.
Ажәабжьқәа зегьы
0