Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба ахысратә клуб аҭааҩцәа рзы: шамахамзар абџьар знапаҿы изымкыц роуп

© Foto / предоставлено Алиасом АвидзбаАлиас Авидзба
Алиас Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион аҟны иҟоу "Аԥсуа хысратә клуб" ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Алиас Аҩӡба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит лаҵарамзазы аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рзы азҿлымҳара ахьынӡамаз атәы.
Аҩӡба ахысратә клуб аҭааҩцәа рзы: шамахамзар абџьар раԥхьаӡа акәны знапаҿы изко роуп

"Атәылаҟны иҟоу аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара, ҳәарада, ҳусурагьы ианыԥшуеит. Ҳаклуб аԥсшьаҩцәа рымацара ракәым иаҭаауа, урҭ инареиҳаны аҭыԥантәи ауааԥсырагьы аауеит, аха аҵыхәтәантәи амзазы аԥсшьаҩцәа акыр еиҳахеит. Ҽнак бжьаратәла ихысуаз хԥа-хәба гәыԥ ыҟазҭгьы, иҟалалоит шьҭа жәа-гәыԥк рҟынӡагьы аннеиуа. Агәыԥ аҟны ҩыџьа -ԥшьҩык, ма фҩык рҟынӡа, иҟалалоит агәыԥ дугьы машьынала ианнарго асасааирҭақәа, мамзаргьы атуристтә еилахәрақәа змоу", - иҳәеит Аҩӡба.

Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0