00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Таитәи абокс азы гагратәи аспортсменкацәа Европа аиндаҭларахь ицоит

© AFP 2023 / Mike CoppolaБоксерские перчатки
Боксерские перчатки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Таитәи абокс азы Урыстәыла аиндаҭлара мҩаԥысуан лаҵара 11-18 рзы Москватәи аобласт аҿы. Ауснагӡатә иалахәын зықьҩык рҟынӡа.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Таитәи абокс азы гагратәи аспортсменкацәа Кристинеи Елинеи Беииаԥҳацәа, Валериа Дашьчиан аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Урыстәыла аиндаҭлараҿы, азингьы роуит Европа аиндаҭлара иалахәхарц. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит таитәи абокс азы Аԥсны Афедерациа ахада Ҭемыр Гьергьедаа.

Финал первенства России по тайскому боксу - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Гагратәи аспортсменкацәа таитәи абокс азы Урыстәыла аԥхьахәгара афинал ахь инеит

"Таитәи абокс азы Европатәи аиндаҭларахь ацара рылшеит, аха макьаназ аинформациатә шәҟәы ҳмоуцт аиндаҭлара аныҟалои иахьыҟалои рзы. Апандемиа иаалагазар ҳаспортсменцәа џьаргьы имцацызт. Исҳәар сҭахуп Гагра араион ари аспортхкы аҿы Аҟәа иаваҟәало ишыҟалаз", - ҳәа иҳәеит иара.

Ҭемыр Гьергьедаа иара убасгьы иҳәеит таитәи абокс азы Аԥсны Афедерациеи апанкратион (еилаԥсоу ақәԥарахкы) азы Москватәи алигеи аусеицураз аиқәшаҳаҭра рнапы шаҵарҩыз, уажәы ишалацәажәо апанкратион азы Адунеи раԥхьатәи ачемпионат Аԥсны амҩаԥгара азҵаара.

Иара иҳәеит ареспубликаҿы таитәи абокс ахь ишныҟәо 250-ҩык аҿар. Аҟәа, Гагра, Цандрыԥшь, Аҟәа араион рҿы аус ауеит аклуб "Гьаргь Аиааирагаҩы" ("Георгий Победоносец") асекциақәа. Аклуб аадыртраны иҟоуп Гәдоуҭеи Гали рҿгьы.

"Азыҟаҵаҩцәа разыҟаҵара ҳаҿуп. Ҩыџьа аиҭаҽазыҟаҵара иахысхьеит. Урҭ рҟазара ацҵаразы иҳашьҭраны ҳаҟоуп таитәи абокс азы Урыстәыла Афедерациахь", - ҳәа иҳәеит Гьергьедаа.

Таитәи абокс азы Урыстәыла аиндаҭлара мҩаԥысуан лаҵара 11-18 рзы Москватәи аобласт аҿы. Ауснагӡатә иалахәын зықьҩык рҟынӡа.

Гагратәи асекциа ааӡаҩ Анастасиа Шьчитова ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит. Аҭыԥҳацәа азыҟарҵоит Андреи Дашьчиан, Владимир Каленџьан, Нико Саков.

Ажәабжьқәа зегьы
0