Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы акоронавирус злаз пациентк иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15102-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14208-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 227-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 182-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 27-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 89 шықәса зхыҵуаз апациент.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 50-ҩык, урҭ рахьтә 41-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык. Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0