Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Коӷониаԥҳаи Гәыгәиԥеи еиҭарҳәеит COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵара зырҭаххаз атәы

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵара апроцесс шымҩаԥысуа атәы, уи аԥхьа аҳақьым дзызҵаауа, избан авакциана аҟаҵара хымԥадатәины изырԥхьаӡо атәы арадио Sputnik аефир аҿы ирҳәеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи уи лыԥшәма Анзор Гәыгәиԥеи.
Коӷониаԥҳаи Гәыгәиԥеи еиҭарҳәеит COVID-19 аҟнытә алаҵа аҟаҵара зырҭаххаз атәы

"Ҳара иаҳҭахын авакцина аҟаҵара, избанзар даара игәыԥҵәагоуп аԥсҭазаара ас", - ҳәа азгәалҭеит Коӷониаԥҳа.

Анзор Гәыгәиԥа иажәақәа рыла, дзыҿцаауа рахьынтә, еиҳарак алаҵа агәра ргаӡом.

"Сара акызаҵәак гәҩарас исымоу, иара ачымазара ашьҭахь ауаҩытәыҩса инапы гылазар ауеит, егьырахь авакцина ҳара ҳаршьырц ирхәыцуеит ҳәа атеориа садгылаҩым," - ҳәа азгәалҭеит Коӷониаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0