Агәабзиарахьчара аминистр ареспублика ахәышәтәырҭақәа дырҭааны русушьа гәеиҭеит

© SputnikРеспубликанская больница
Республиканская больница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Аинспекциатә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Едурад Быҭәба дырҭааит Ареспубликатә хәышәтәырҭа, ақалақьтә хәышәтәырҭа, ахшараиурҭа, аҳәса рзы аконсультациатә поликлиника.

АҞӘА, лаҵара 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ареспублика ахәышәтәырҭақәа дырҭааны русушьа гәеиҭеит, лаҵара 20 рзы.

Раԥхьа иргыланы аминистр даҭааит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟәшақәа: ахирургиа, анеирохирургиа, атерапиа, аендоскопиатә инвазивмаҷтә хирургиа, ахаҿы-цлымҳәатә хирургиа, агемодиализ, атравматологиа.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа даҭааны аусушьа гәеиҭеит

Аминистр иидырбеит ахәышәтәырҭа амедперсонал алаҵаҟаҵара ишахрыжьуа. Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Есма Маршьанԥҳа лажәақәа рыла, алаҵа ҟарҵаанӡа аусзуҩ игәабзиара гәарҭоит, апроцедура ашьҭахь сааҭыбжак аҳақьымцәа ихылаԥшуеит. Лара илҳәеит лаҵара 20 азтәи адыррақәа рыла 20-ҩык алаҵаҟаҵара шырхыргахьоу.

Быҭәба игәеиҭеит акомпиутортә томографиа акабинет аусушьа. Аппарат алашара аҟамзаара иахҟьаны аусура аиԥҟьарақәа аиуан. Аренген аҟәша аиҳабы Аслан Берзениа иажәақәа рыла, уаанӡа еиԥҟьарада афымцалашаранашьҭыга аблок аус ауамызт афымцамч азымхараз.

"Уажәы астабилизаторқәа ықәҳаргылеит. Уахи-ҽни аусура еиԥҟьам. Аҳақьым ишәҟәала атомографиа ҟаҳҵоит. Аусурамш асааҭ хԥа рҟынӡоуп, аха узхымԥаша ахҭысқәа раан апациент дгәаҳҭоит", - иҳәоит иара.

Апроблемақәа анаԥыхха ашьҭахь мышкала 25 рҟынӡа ҭҵаара мҩаԥысуеит.

Аминистр иара убасгьы ахшараиурҭатә хәышәтәырҭа аҟәшақәа: агинекологиа, ахшараиурҭа, аҿыцира, аоперациатә блок дырҭааит, днеиит иара убасгьы аконсультациатә поликлиникахь. Ара 2019 шықәсазы аҳәынҭбиуџьет ала аремонт ҟаҵан, аха макьана апациентцәа рыдыркылом, иахәҭоу амаҭәахәқәеи аҩнымаҭәеи рыҟамзаразы. Убри аан иҟаҵоу аремонт ахьыԥхасҭахьоу ыҟоуп.

"Ҳгәыӷуеит аполиклиникахь ҳаиасра аамҭа рацәа аҭаххарым ҳәа. Уи апациентцәа арманшәалоит, ҳусурагьы еиҿнакаауеит", - лҳәеит Ареспубликатә хшараиурҭа аҳақьым хада лхаҭыԥуаҩ Белла Ԥлиаԥҳа.

Быҭәба дыҟан ақалақьтә хәышәтәырҭаҿгьы. Дырҭааит аҟәшақәа: адкыларҭатә, акардиологиа, ахирургиа, атерапиа, аневрологиа, аобсервациа. Ари аҟәша ҿыц ахь инаргоит акоронавирус змоу ачымазцәа. Иара ақалақь ахадара аԥарақәа рыла аремонт ҟаҵан.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба аминистр иирбеит аневрологиатә ҟәша аҭагылазаашьа. Иара иажәақәа рыла ара аремонт хымԥадатәиуп.

Абыхәба иҳәеит ахәышәтәырҭа 1904 шықәсазы ишдыргылаз, уи аахыс акапиталтә ремонт шыҟарымҵац.

"Аремонт апроблема аӡыбӡом. Иргылатәуп ҳаамҭа иақәшәо ахәышәтәырҭа", - иҳәеит иара.

Аусуратә ныҟәара аихшьаалақәа ҟаҵо Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа иазгәалҭеит, ԥхьаҟа апроблемақәа рылацәажәаразы ҷыда-ҷыдала амедусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рԥылара шымҩаԥгахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0