Апроект "Ауасхыр" Аҟәа аусура иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПК о презентации проекта - Ауасхыр
ПК о презентации проекта - Ауасхыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Апроект "Ауасхыр" иахықәкны иҟоуп аҿар рзанааҭтә хырхарҭа аилыргара алзыршо аҭыԥ аԥҵара.

АҞӘА, лаҵара 20– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аусура иалагоит апроект "Ауасхыр" ҳәа иҳәеит апроект анапхгаҩы Валери Џьынџьал Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны.

"Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ҩ-хырхарҭак рыла. Актәи – аҟәатәи ашколқәа рҟны иалкаахо ашколхәыҷқәа аус рыдулара, аԥсабаратә хырхарҭа змоу амаҭәарқәа рыла разыҟаҵара иазкхоит. Аҩбатәи – еиуеиԥшым аформатқәа рыла ақәгыларақәа ракәхоит", - иҳәоит Џьынџьал.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп абыжьбатәии аабатәии аклассқәа рҵаҩцәа, 30-ҩык рҟынӡа, афизика, ахимиа, абиологиа иреиԥшу ахырхарҭақәа рыла аҵарадырра рыҭара.

Батал Гогия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2020
Арадио
Гогьиа еиҭеиҳәеит акарантин аамҭазы ашколхәыҷқәа аҵара шыддырҵо атәы

"Ҳара иаҳҭахуп ахәыҷқәа рзанааҭхырхарҭаҿ раԥхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵара, аҭҵаарадырра, аҵарадырра разхьарԥшра. Уи адагьы аҭҵаарадырратә культура бзиа дырбарахьы раԥхьатәи шьаҿоуп", - иҳәоит апроект анапхгаҩы.

Апроект "Ауасхыр" адгылара анаҭоит агәыҳалалратә фонд "Амшра", аиҿкаара ацдиректор Аида Ладариаԥҳа еиҭалҳәеит асеиԥш иҟоу апроектқәа аԥсуа уаажәларра ишаланагало аинновациақәа.

"Апроект, иконкреттәу ахықәкоуп изызку, ауаажәларратә интерес аҵареи аҵараҵареи рахь ишьҭнахуеит. Аҵыхәәтантәи аамҭақәа рзы аҵара абзиабара ыӡуа иалагеит. Ари аҩыза апроектқәа уи аинтерес шьҭырхуеит", - лҳәеит Ладариаԥҳа.

Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Лариса Аҳәԥҳа илҳәеит апроект ацхыраарала ишазыԥхьагәаҭо хаз-хаз иҟоу асистемақәа ринтеграциа.

"Ари аҭҵаарадырра, аҵара, ҳауаажәлар роуп. Апандемиа иаҳзаанагаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны апроект анагӡара еиҳа иуадаҩхеит, избанзар ҳара иҳагәҭакын ашколқәа ҳарҭааны ахәыҷқәа ралхра. Иахьазы иӡбоуп ақалақь апаркқәа рхархәара. Ақалақь ахада иақәшаҳаҭрала апаркқәа рҿы иаарту алабораториақәа ҟалоит. Уи азы асоциалтә ҳақәа рыла алаҳәарақәа мҩаԥаагоит аинтерес арҿиаразы", - лҳәоит Аҳәԥҳа.

Ашколхәыҷқәа рыдагьы апроект адуцәагьы ирзырхоуп. Аҳақьым агастроентеролог Аелита Шьакаиаԥҳа акоронавирус аҟынтә алаҵа далацәажәоит.

Валентина Халбад - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2020
Арадио
Ҳалбад ашколхәыҷқәа рдырра аҩаӡаразы: ирмарианы ахәшьара аиура иаҳаршьцылеит

"Ҳара ҳрылацәажәалоит изҩыдоу аԥсҭазаарала анхашьа, акрыфарачара иаша ақәныҟәара уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳрылацәажәоит. Ковид аамҭа иаҳнарбеит ҳхы ҳшахәашьа шаҳзымдыруа. Иҟалоит еиуеиԥшым амедицинатә мифқәа ҿаԥҽхар", - лҳәеит лара.

Апроект "Ауасхыр" анапхгаҩы Валери Џьынџьал иажәақәа рыла, ашколхәыҷқәа аус рыдулара иалагоит аԥхын агәазы, инарҭбаау ауснагӡатәқәа хара имгакәа ихацыркхоит. Раԥхьатәи темахоит акоронавирус аҟнытә алаҵаҟаҵара алацәажәара.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгхоит еицырдыруа аҵарауаа, аҳақьымцәа рықәгыларақәа, иаарту аинтерактивтә лабораторусқәа рымҩаԥгара, амедицина, абиотехнологиа, агенетика, аекологиа, ахимиа, анутрициологиа рылацәажәара. Имҩаԥгахоит аквестқәа, аиааиҩцәа иранашьахоит аҳамҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0