Ашаҳаҭцәа рымнеира иахҟьаны Ахра Аҩӡба иусӡбараз аилатәара ахыгоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡба, иара убас дзыхьчоз ԥшьҩык – Талех Гасанов, Аслан Гуатижев, Андреи Лактионов, Станислав Культа ахара рыдырҵоит абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

АҞӘА, лаҵара 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахра Аҩӡба иус азы аӡбарҭа ахԥатәи аилатәара ахәаша, лаҵара 21 ахь иахыргеит ашаҳаҭцәа рыҟамзаараз.

Лаҵара 19 рзы аилатәараҿы рҿахәы рҿырхраны иҟан ашаҳаҭцәа, Ахра Аҩӡба иҩны ангәарҭоз мшаԥы 4 рзы иҟаз Андреи Шабельникови Сергеи Демидови, иара убасгьы амилициа аусзуҩцәа Аслан Сангәлиеи Леван Топуриеи.

Аха ашаҳаҭцәа аӡәгьы аӡбарҭахь имнеит. Демидов Москваҟа дыҟоуп. Апрокуратура хада ахаҭарнак Даур Амҷба иҳәеит Андреи Шабельников Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭахь днеиртә алшара шимамыз.

Суд по делу Ахры авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба дшыбаандаҩыц дааннажьит

Леван Топуриа акоронавирус имоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу азы дзымнеит. Аслан Сангәлиа аршаҳаҭга неишьҭит дышзымнеиуаз азы, аха Ахра Аҩӡба уи дыҟазароуп ҳәа ишьеит.

"Арҭ аҩыџьа рмаҵзуратә напынҵақәа ирхыҳәҳәаны рхы мҩаԥыргеит. Дара аус еиҵарҟьоит. Арҭ ас имааиуа иалагар, жәашықәсагьы усӡбарада ара ҳаҟазаауеит. Ашаҳаҭцәа ааиртә аиԥш аус еиҿышәкаа", - ҳәа иҳәеит Аҩӡба.

Даур Амҷба иҳәеит Сангәлиа дыҟамкәа иҿахәы рылаҳәара дшақәшаҳаҭым, ахара здырҵо руаӡәк иара хаҭала игәаҭара дахьалахәыз азы хымԥада иҟазаара ахәҭоуп ҳәа. Топуриа игәамбзиарагьы ршаҳаҭгала ишьақәырӷәӷәатәуп ҳәа иҳәеит Амҷба.

Аӡбаҩцәа Топуриеи Сангәлиеи ҭелла рыҽрымардарц аилацәажәарахь инеит. Апрокуратура хада урҭ ашаҳаҭцәа реиҳабацәа рыҽрымардеит. Урҭ иазгәарҭеит ашаҳаҭцәа аӡбарҭахь рнеиразы иалшо шыҟарҵо.

Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз ԥшьҩыки ахара рыдҵоуп абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Абри аумҭазы дара ирықәҵахар ҟалоит ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа ҭакрыла ахыгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0