Шә-мааҭк ицо абанкнота ҿыц ҭыҵуеит 2022 шықәсазы

© Fotolia / Alexandr BlinovРоссийские рубли
Российские рубли - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Иҿыцу абанкнота егьырҭ евразонаҿы ахархәара змоу абанкнотақәа иреиԥшым ҳәа иҳәоит Урыстәыла Абанк ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. 2022 шықәсазы шә-мааҭк ицо абанкнота ҿыц ҭыҵуеит ҳәа рҳәеит Урыстәыла Абанк хадаҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Иара убасгьы иҳәан 1000 мааҭи 5000 мааҭи ицо абанкнотақәа ҭыҵраны иҟоуп 2023-шықәсазы, 2024-мшықәсазы — 500 мааҭ ицо, 2025-шықәсазы — 10; 50 мааҭи ицо ҭыҵуеит ҳәа.

Урыстәыла Абанк ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Михаил Алексеев еиҭеиҳәеит иҿыцу шә-мааҭк ицо абанкнота зеиԥшроу.

Аԥара ацифрақәеи аҩырақәеи контраступ, зыла иамбо ауаа рзы арелиефтә цәаҳәақәа анылоит. Аԥшшәхәы уажәтәи аԥара еиԥшуп, аха маҷк иԥсыҽуп.

"Еврои иареи ассоциациа рыбжьоуҵоит ацифрақәа рдуралеи аԥшшәхәытә еиҿкааралеи. Аха ари адунеизегьтә тенденциа иатәуп", - иҳәеит ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ.

Уаанӡа иазгәарҭахьан абанкнота ҿыц аҿы Ашҭа Ҟаԥшь, Шухановтәи абаа, "Зарядье" ацентр, МГУ робиектқәа рсахьақәа анылоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0