Зыԥшаара иаҿу урыстәылатәи атурист макьана ихабар рымбацт

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие сезона на горнолыжном курорте "Роза Хутор" в Сочи
Открытие сезона на горнолыжном курорте Роза Хутор в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад иацнаҵоит урыстәылатәи атурист иԥшаара.

АҞӘА, лаҵара 20 – Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа ахьыршьоз аҭыԥ аҿы дрымбаӡеит. Абри атәы аанацҳауеит АҶА Facebook аҿтәи аофициалтә даҟьа.

Аиқәырхаҩцәа Аҩада Гәымсҭа араион зегь ҭырҵааит, аха аԥшаарақәа лҵшәадахеит.

Рицинский нацпарк  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Урыстәылатәи атурист дыҟоуп ҳәа ахьыршьоз аҭыԥ аҿы дрымбаӡеит

Аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ ашьахарантә АҟәаГЕС аҟынӡа амаршрут аҭҵаара иаҿуп.

Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара иаҿуп лаҵара 12 раахыс.

Атуристцәа ргәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәақәа рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Лаҵара 19 рзы аԥшааратә гәыԥ абазахь ихалеит аха атурист имаҭәақәа роума, имшьамба қьала аума џьаргьы ирымбеит. Иҟалоит ихала уахьынтә дылбаарц иақәикзар ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Аҵыхәтәаны атурист дахьыҟаз аҭыԥ акәша-мыкәша зегь ҭҵаауп, дызлацар ҟалон ҳәа ишьоу амаршрут ала иԥшаара мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0