Анцәа иажәа ауаа рҟынӡа иназгоз: Ацқьа Симон Кананит имш Аԥсны иазгәарҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПо местам Симона Кананита.
По местам Симона Кананита. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит Ацқьа цҳаражәҳәаҩ Симон Кананит.

Ацқьа цҳаражәҳәаҩ Симон Кананит имш азгәаҭара аԥсуа иашахаҵаратә уахәамаҿ аныҳәа хадақәа ируакуп.

Sputnik

Ацқьа цҳаражәҳәаҩ Симон Кананит Аԥсны аиашахаҵара аларҵәара, анцәа иажәа ауаа рҟынӡа анагара даҿын, азгәарҭоит ауахәама аусзуҩцәа.

"Ари аныҳәа даара акыр аҵанакуеит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо. Симон Кананит ихьӡ каҳмыршәроуп, избанзар уи анцәа иажәа Аԥсны иааигеит, ауаа ирылаирҵәеит. Уи иахҟьаны иԥсҭазаара далырхит", — азгәеиҭеит Аб Виссарион.

Симон Кананит имш азгәаҭара аиашахаҵара иқәныҟәо ауаа зегь рзыҳәа гәырӷьара дууп.

Аԥшьаҩырақәа ишырҳәо ала, I ашәышықәса азбжазы Аԥсныҟа иааит апостолцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Кананити. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ Кавказ Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аиашахаҵаратә дин рыларҵәаразы ддәықәлеит, Симон Кананит иакәзар, Ԥсырӡха даангылеит.

Ацқьа Симон Кананит Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп.

Инал Цкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2019
Арадио
Цкәуа: Ацқьа Симон Кананит иҳаԥы иахьагьы иаҭаауеит хыԥхьаӡара рацәала аҳаџьцәа

Абиблиаҿы иаҳԥыло аҳәамҭақәа изларҳәо ала, заԥхьаҟа иапостолхараны иҟаз Симон Галилеиатәи Канаҿы имҩаԥысуаз ичараан Иаса Қьырса раԥхьатәи анашана ҟаиҵеит - аӡы ҩны иааҟаиҵеит. Абри ахҭыс Симон наҟ-наҟтәи иԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит, иара Иаса Қьырса иџьашьахәра хаҵаны иҵаҩ иакәхеит. Иаса Қьырса ажәҩан ахь данхалаз ашьҭахь Аҩынҩажәижәабамш аҽны Симонтәи аҩнаҟны амца иабзқәаны аԥсҿыхҩы иҵаҩцәа ирзылбааз Иԥшьоу аԥсыцқьа иҟынтә Симон иоуит аҳамҭа. Егьырҭ апостолцәеи иареи Қьырса и-Евангелие абжьагажәахь еиццәырҵит.

Иԥшьоу апостол Симон ҳара ҳера 55 шықәса рзеиԥш иахьатәи Афон ҿыц азааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас илихит. Ԥсырӡха аӡиас аԥсҭаҿы апостол агәаҟраԥсра идикылеит. Аҳәамҭа ала, Симон иҳаԥы азааигәара I ашәышықәсазы иԥшьоу аӡыхь зҩыда ахы ыҵнахит, уи иахьа уажәраанӡагьы иҵхәраа илеиуеит. Иара анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы IV ашәышықәсазы ихьӡала ауахәама дыргылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0