Аԥсны даҽа 53 коронавирустә хҭыс ҿыц ашәҟәы иҭагалоуп

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка школы к новому учебному году
Подготовка школы к новому учебному году  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15218-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14430-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 230-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 404-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 53-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 41-ы, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 29-ҩык апациентцәа. Очамчыра ирхәышәтәуеит жәаҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 18-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0