Тхеквондо азы Шәачатәи атурнир аҿы аԥснытәи акоманда актәи аҭыԥ ааннакылеит

© Foto / facebook / Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуСборная команда Абхазии по тхэквондо
Сборная команда Абхазии по тхэквондо - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым ақәра змоу аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара тхеквандо азы афестиваль мҩаԥысит Шәача, лаҵара 23 азы.

АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Тхеквондо азы Иури Гагариан ихьӡ зху Шәачатәи атурнир аҿы аԥснытәи акоманда актәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааннакылеит. Абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти рзы Аԥсны Аҳәынҭеилакы.

Афестиваль иалахәын 7-10, 11-13, 14-17 шықәса зхыҵуаз аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи.

Аицлабра аихшьалақәа рыла аԥсуа спортсменцәа 13 хьтәы медал, 10 раӡны медалк, аџьаз медалқәа 8, иааизакны азеиԥшкомандатә актәи аҭыԥи роуит.

"Ахьтәы" медалқәа зауз иреиуоуп Георги Хоџьаа, Лиудмила Иванова, Руслан Хамалиан, Вероника Чакриан, Георги Ҷыҭанаа, Сариа Цоцориа, Давид Кочканиан, Ашот Мелетлиан, Станислав Касумиан, Самир Бадиа, Неониллеи Богдани Ахриутинаа, Нестор Анқәаб.

Ажәабжьқәа зегьы
0