Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ауаҩшьразы аусӡбара ахантәаҩы мап лыцәкуп

© Sputnik / Акоп Кущян Верховный суд
Верховный суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Анапаҵаҩра
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 рзы, ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ахысраан аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит Асҭамыр Шамба, ахәышәтәырҭаҿы - Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭааԥҳа - ԥхынҷкәын 3 рзы. Аус Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭын мшаԥы 30 рзы.

АҞӘА, лаҵара 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы хынтәтәи ауаҩшьразы аусӡбара ахантәаҩы Мимоза Цәышԥҳа аус лалахәразы мап лыцәкызарц аӡбара аднакылеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа.

Ахьчаратә ган ахантәаҩы Мимоза Цәышԥҳа аус далгазарц азыҳәа ҟанаҵеит, лашьа иԥҳа гәакьа Лаура Цәышԥҳа усҭҵааҩык иаҳасаб ала аусҭҵаара дахьалахәыз азы. Ари аҭагылазаашьа Ашьаустә Закәанеидкыла иаҿагылоит.

Ахарадҵаратә ган иазгәанаҭеит аӡбаҩ лашьа иԥҳа аусҭҵаара дшалахәыз, аха аҷаԥшьаҩ усҭҵааҩ иаҳасаб ала мацара, лара ашьаусӡбареиҿкаара далахәылам, уи алагьы лара лалахәра мзызс дзыҟалом ҳәа.

Аус ахәаԥшразы аӡбаҩцәа реилазаара ԥсаххоит.

Обстановка у Верховного суда - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы хҩык рышьра аганахьала аусӡбара иалагеит

2019 шықәса абҵара 22 асааҭ 14:43 рзы Аҟәатәи аресторан "Сан-Ремо" аҿаԥхьа асабрадақәа зҿаз хҩык ауаа ахысра иалагеит. Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыԥсҭазаара иалҵит. Урҭ рынахысгьы, ԥхынҷкәын 3 азы ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит ахәра зауыз ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Апрокуратура хада адыррала, 2019 шықәса абҵара 22 азы акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьреи Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.

Иара убасгьы ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.

Верховный суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хынтәтәи ауаҩшьразы ашьауӷатә ус аӡбамҭахь инашьҭуп

Хыхь зыӡбахә ҳәоу ацәгьоурақәа рнаҩсан Ҷкадуа ахара идырҵоит амашьынақәа "Мерседес-Бенц" и "Lexus GX" рӷьычреи, "абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи" ахәҭаҷ ала.

Демур Ахалаиа ахара идырҵоит Ахра Џьопуеи иареи еибыҳәаны абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи иалахәын ҳәа.

Беслан Бганбеи Аслан Блаббеи ахара рыдарҵоит абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи иалахәын ҳәа.

2019 шықәса ԥхынҷкәын 2 азы Апарламент аҿы абжьыҭира ашьҭахь рмаҵурақәа ирымххеит апрокурор хада Зураб Ачба, ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба, ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов.

Ажәабжьқәа зегьы
0