Аслан Бжьаниа Аԥсны адәныҟатәи аполитика Аконцепциа аԥсахрақәа алеигалеит

© Sputnik Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатә политика аконцепциа ашьақәырӷәӷәаразы" 2020 шықәса ԥхынҷкәын 4 азы.

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 4 азы ишьақәирӷәӷәаз Аԥсны адәныҟатәи аполитика Аконцепциа аԥсахрақәа ралагаларазы аусԥҟа, абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Аусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны адәныҟатәи аполитика Аконцепциа иалхыуп Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа аҭышәныртәаларазы ҵаҟа иаагоу абзац:

"Аԥсны Аҳәынҭқарра иалшоит Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара ҩаӡарарацәала аицәажәарақәа рформатцҵа аиҿкааразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара, наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа рыӡбаразы, урҭ Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны рыӡбра алымшоны иҟазар".

Аконцепциа Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа ахәҭа аимак-аиҿак цәырнагеит Апарламент адепутатцәа рҟынтә, ауаажәларраҿы акритика азун. Адепутатцәа Аконцепциа аус еиҭадулатәуп ҳәа рҳәеит.

Хәажәкыра 9 рзы Апарламент аҿы атәыла ахадеи адепутатцәеи аиԥылара рыман. Бжьаниа Апарламент адепутатцәа ирыдигалеит адәныҟаполитикатә концепциа ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа ирызку ахәҭазы рхатә редакциа аздырхиарц.

"Ашәҟәы азшәырхиа, уи аконцепциа ианырԥшхоит. Ишәҭахызар атермин "ҩаӡарарацәалатәи аиҿцәажәарақәа" амхзарц, проблема ыҟаӡам, иамаҳхуеит", - иҳәеит уи аиԥылараан Бжьаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0