Урыстәылеи Америкеи рсаммит Женева имҩаԥгахоит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГосударственные флаги России и США.
Государственные флаги России и США. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи аҵыхәтәантәи зформат нагӡоу рсаммит мҩаԥган 2018 шықәсазы, Хельсинки.

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Урыстәылеи Америкеи рхадацәа Владимир Путини Џьо Баидени ҩ-ганктәи асаммит мҩаԥыргараны иҟоуп Женева рашәара 16 ирзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Кремль апресс-маҵзура адыррақәа рышьаҭала. Ари аинформациа иақәшаҳаҭуп Аҩны шкәакәаҿгьы.

Иазыԥшуп атәылақәа рыҩба рхадацәа урыстәыла-америкатәи аизыҟазаашьақәа рҭагылазаашьеи ԥхьаҟатәи рԥеиԥши, астратегиатә ҭышәынтәалара, акоронавирус аҿагылара, арегионалтә еимакқәа рҭышәныртәалара уҳәа ирылацәажәап ҳәа, аха макьаназ аиԥылара аҷыдарақәа азгәаҭам ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

Баиден Иусбарҭа ахаҭарнак Џьен Псаки лгәаанагарала, ахадацәа аиадертә ҭышәынтәалара азҵаара иалацәажәаргьы рылшоит.

Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи аҵыхәтәантәи зформат нагӡоу рсаммит мҩаԥган 2018 шықәсазы, Хельсинки Владимир Путини Дональд Трампи рыбжьара.

Ажәабжьқәа зегьы
0