АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 173-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 18-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 41-ы, урҭ рахьтә 34-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 22-а.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 31-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 10-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - фҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>